Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьышықәса асаит аҿы: ажурналист Саида Жьиԥҳа Sputnik Aԥсны лусура иазкны

© Sputnik / Леон Адлейба Саида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны раԥхьатәи амшқәа инаркны еиуеиԥшым атемақәа шьҭыхуа аԥхьаҩцәа рахь дцәырҵуа далагеит ажурналист Саида Жьиԥҳа, уиижьҭеи иҵуеит бжьышықәса. Аинформациатә маҵураҿы лусура лырҿиараҿы иааннакылаз аҭыԥ дазааҭгылоит.
Ԥхынҷкәын ааба рзы Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны бжьышықәса ахыҵит. Сара сзы игәахәара дууп, раԥхьатәи амшқәа инадыркны амаҵзуреи сареи аимадара ахьҳабжьалаз. Sputnik Аԥсны иснаҭаз аԥышәеи алшареи ирыбзоураны ари аамҭа иалагӡаны ҩ-шәҟәык сравторхеит.

2014 шықәса. Раԥхьатәи ашьаҿақәа.

2014 шықәса анҵәамҭазы, Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аԥсуа ҟәша аредактор Алина Жьиԥҳа лааԥхьарала, ажурналистикаҟны иҿыцыз адаҟьа сзаатит. Сзышьцыламыз аформат, атема азнагашьа, аишьҭагылашьа, аҵакы змоу ахы аҭара, ирццакны аинформациа аларҵәара уҳәа зегьы гәынкыланы стекстқәа рҿы ахархәара рысҭар акәхеит. Иаразнак исықәманшәалахеит сҳәар мцхоит. Sputnik Аԥсны аҭыԥ аҟны игылаӡам, есыҽны ҳаамҭазтәи ажурналистика иашьашәалоу азнеишьақәа цәырҵуеит, урҭ срыхьӡоит ҳәа саналаго, санышьацәхныслогьы ыҟоуп, ажәакала, "акәадыр ақәҵара" мариам. Sputnik Аԥсны асаит аҟны ицәырҵыз раԥхьатәи сматериал 37-тәи ашықәсқәа раан ирӡыз ргәалашәара иазкын. Ари акьыԥхьымҭала иалагеит иҿыцыз сырҿиаратә мҩа.
День памяти жертв политических репрессий  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
Аԥсны
Ииаҭымхаз абиԥарак: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Шармаҭаа рҭоурых

2015 шықәса. Аиааира Ду 70 шықәса ахыҵра.

Ари ашықәс иубилеитә рыцхәын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игоу Аиааиразы. Sputnik Аԥсны ажурналистцәа ҳҿаԥхьа дҵас иқәнаргылеит ҳтәылаҟны зыԥсы ҭаны иҟаз аибашьра аветеранцәа ҳрынианы ргәалашәарақәа ранҵара. Ҷыдала сара Гагра араион аҟны аус зуан. Усҟантәи аамҭазы снапаҿы иҟаз аҭыӡҭыԥқәа санырҭаа, 15-ҩык аветеранцәа сыԥшааит. Аҭоурых азы хәызмаӡам аматериал еидкыланы Sputnik Аԥсны аредакциахь исышьҭит. Ари ахырхарҭала аус дуӡӡа нарыгӡеит аштат аҿы иҟаз акорреспондентцәагьы. 2015 шықәсазы Sputnik Аԥсны иадызгалаз еиҳа исықәҿиаз ҳәа иалыскаауеит абри аҭҵааратә ус. Усҟантәи сфырхацәа рахьтә иахьанӡа зыԥсы ҭоу ҳәа уаҩ днымхеит. Аамҭа узаиааиуам. Сара сгәы ахәша ықәызҵо, Sputnik Аԥсны абзоурала урҭ рлакҭа сахьҭаԥшыз, сахьрыҿцәажәаз ауп.
Қшьышьи Џьаҭмеи Гәынаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Наӡаӡа ахәышҭаара нрыжьит: Осман Гәынбеи иԥацәеи рҭоурых

2016 шықәса. CONIFA.

Sputnik Аԥсны аҟны аус зуеижьҭеи, сраион аҿы имҩаԥысуаз аинтерес зҵоу ахҭысқәа раӷьырак срылахәны избаз-исаҳаз ажәлар ирыдызгалон. 2016 шықәсазы иалыскаауеит Аԥсназы акрызҵазкуаз аспорттә ныҳәа ду, CONIFA ахылаԥшрала еиҿкааз Адунеизегьтәи ашьапылампылтә чемпионат. Саргьы разҟыс исыман ашьапылампылтә хәмаррақәа рыхәаԥшра адагьы, аиԥыларақәа рышьҭахь Гагратәи астадион аҿы иаԥҵаз апресс-центр аҟны аспортсменцәа рыҿцәажәара, Sputnik Аԥсны асаит ахь аҭыԥаҟынтәи арепортажқәа рышьҭра. Ари алшаразы иахьагьы Sputnik Аԥсны анапхгара иҭабуп ҳәа расҳәоит.
Адунеи ашьапылампыл ачемпионцәа ирыдырныҳәалеит Гагра араион анапхгара - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2016
Адунеи ашьапылампыл ачемпионцәа ирыдырныҳәалеит Гагра араион анапхгара

2017 шықәса. Гагра араион ахақәиҭтәра 25 шықәса ахыҵра.

Ҩаԥхьа аиубилеитә рыцхә! 2017 шықәсазы Гаграа иазгәаҳҭон Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан араион аӷа хәымга далцеижьҭеи 25 шықәса аҵра. Sputnik Аԥсны иаҩнажьуазма ари аҭоурыхтә ҵакы змоу ахҭыс. Сҿаԥхьа иқәдыргылаз адҵа хадақәа иреиуахеит аветеранцәеи урҭ ркомандаҟаҵаҩцәеи гәыԥҩык реибашьратә мҩа ҭҵааны ргәалашәарақәа аԥхьаҩцәа рызнагара. Иазгәасымҭарц залшом, усҟантәи сажәабжьҳәаҩцәа ҩыџьа, Леон иорден акавалер Александр Кьетиеи "Агәымшәаразы" амедал занашьаз Беслан Ӡкәуеи шықәсык иалагӡаны акоронавирус иахырҟьаны изаамҭанымкәа рыдунеи шырԥсахыз. Аиааира ҳзаазгаз ҳветеранцәа рцәыӡра агәыхь ду ацуп зыԥсадгьыл бзиа избо ҳзы. Гагра араион ахақәиҭтәра 25 шықәса ахыҵра аламҭалазы ажәыларатә аоперациа иалахәыз хә-гәыԥк шьаҿа-шьаҿа Пицунда абжьаларҭа инаркны Ԥсоунӡа реибашьратә мҩа сдырбеит. Иахьа, "абраҟа итәадаз" ҳәа ҭыԥк иадҵаало аҭак исҭартә сыҟоуп. Ари алшаразгьы, Sputnik Аԥсны, иҭабуп!
Амедалқәа ранашьара. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2016
38-ҩык Бзыԥҭатәи агәыԥ аибашьцәа иранашьоуп "Агәымшәаразы" амедалқәа

2018 шықәса. Ҭырқәтәылатәи аныҟәара.

Ԥшьышықәса ирықәлеит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аҟны аштат анҭыҵ аус зуеижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны иҟамлацызт мызкы темак сымшьҭыкәа. Убри аҟнытә аԥсуа ҟәша аредактор Рада Ажьиԥҳа лгәы лҽанысҵеит Ҭырқәтәылаҟа сцарц шысҭаху, материалла еиԥсырҟьар шалшо. "Ажәабжь бзиақәа уа ирацәоуп, бахьынҭыҵуа еидкылала" ҳәа сабжьылгеит лара сцамҭазы. Хҭысла ибеиаз Ҭырқәтәылатәи сныҟәарақәеи Рада лҳәатәи ирыбзоураны Sputnik Аԥсны асаит ахь иаасышьҭит аҳәаанырцә инхо 15-ҩык ҳџьынџьуаа рҭоурых. Аԥсуа ԥхьаҩцәа даара ргәы арԥхеит рыуаажәлар ирызкыз анҵамҭақәа, асаит аҟны рцәаныррақәа аазырԥшуаз ахҳәаақәа нрыжьуан. Абзиабара иаԥсахеит Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа аџьықәреи жәла ганы изысҭаз аигәылацәа Сергьегьиааи Аҩӡааи ишаадрыхыз иазкыз арепортаж. Аԥсныҟа саныхынҳә, шәҩыла аԥхьаҩцәа зауз Ҭырқәтәылатәи санҵамҭақәа рзы Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аиҳабы Руслан Бганба апремиагьы сиҭеит.
Вена, Вольфганг Амадеи Моцарт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2020
Адунеи ссируп: аныҟәарақәа угәы ианҭымҵәо

2019 шықәса. "Аекспедициа".

Ари ашықәс азы сырҿиаратә мҩаҟны ашьаҿа ду ҟасҵеит. Хыхь иазгәасҭаз Ҭырқәтәылатәи сҭоурыхқәа аԥхьаҩцәа гәахәарыла ишрыдыркылаз анызба, исыӡбеит амҳаџьырра ҟалеижьҭеи 155 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә шәҟәы-альбом аҭыжьра. Ашықәс ҿыц ҳанҭала ҩымз ҳәа Ҭырқәтәылаҟа сцеит аекспедициа амҩаԥгаразы. Сҩыза бзиа, уажәшьҭа саҳәшьа ҳәа сзышьҭоу Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа лыцхыраарала 68-ҩык Ҭырқәтәыла инхо, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа – аполитика, аҵарадырра, акультура, аспорт уҳәа рҟны хьӡи-ԥшеи змоу ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа рҭоурыхқәа еидыскылеит схатә проект азы, убри инаваргыланы Sputnik Аԥсны асаит азгьы иаасышьҭыз анҵамҭақәа рацәоуп. Зегь раасҭа аԥхьаҩцәа зҿлымҳара зырҭаз акәхеит Сҭампыл Аԥсуа дернеқь аҟны еиҿкаау аҿар ртеатр "Абысҭа" иазкыз ажәабжь.
Сҭамԥылтәи атеатр Абысҭа ақәыргыламҭа аҟынтәи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2019
"Абысҭа" Сҭамԥылтәи асценаҿы

2020 шықәса. "Амра ашәахәақәа". Аӡыргара.

Абар, "Амра ашәахәақәа" ҳәа хьӡыс изысҭаз ҳџьынџьуаа ирызку ашәҟәы-альбом Сҭампыл аԥсҭазаара абеит. Анкара, Сҭампыл, Адаԥазар сҩызцәа Иуџьаль Сергьегьиаԥҳаи, Кадыр Абаӷбеи, Меҳмеҭ Инаԥшьбеи, Ерол Ԥлиеи Рыдван Уассеи, Қьамиль Маршьани уҳәа рыцхыраарала ҩаӡара ҳаракыла аӡыргара мҩаԥган. Ари ахҭыс аԥсуа массатә информациатә хархәақәа реиҳарак ақәҿырҭит. Аԥсныҟа санаа, Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны ҩаԥхьа аӡыргара сзеиҿкаан. Арахь ааԥхьара исҭеит сышәҟәы-альбом иану афырхацәа иреиуоу, уи аамҭазы зџьынџьдгьыл ахь нхара иааз аспортсмен Енвер Бзагәа. Иара ихьӡ ҳтәылаҟны еицырдыруа иҟалеит. Абоксиор қәыԥш иқәҿиарақәа иахьа ҳажәлар зегьы еигәырӷьоит. Sputnik Аԥсны иӡырнагаз сусумҭа уинахыс еиҳагьы алаҵәара аиуит.
Ақәҿыҭра бзиа аиуит: Саида Жьиԥҳа лышәҟәы аиқәыршәара шымҩаԥысуаз иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2020
Ақәҿыҭра бзиа аиуит: Саида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" аӡыргара

"Ицәажәо аҭыӡқәа".

"Амра ашәахәақәа" акьыԥхь аҿы ианцәырҵ ашьҭахь, хара имгакәа снапы аласкит даҽа проектк. Иара уи аидеиагьы Ҭырқәтәыла ауп иахьииз. Иахьа уажәраанӡа Аԥсны еиқәханы иҟоу ажәытә ҩнқәеи акәасқьақәеи рфотосахьақәеи урҭ раԥхьатәи рыԥшәмацәа рҭоурыхи еидызкыло альбом аус адулара салагеит. 2020 шықәса нҵәаанӡа аматериал еиқәыршәаны акьыԥхь иазсырхиеит. Абраҟа исымҳәарц залшом Sputnik Аԥсны арадио алшамҭа. Сыпроект ҿыц азы Алхас Манаргьиеи сареи ҳаиҿцәажәараан аӡбахә заҳаз аӡәырҩы рыбжьы ахьақәдыргаз иалҵшәахеит аобиектқәа раӷьырак рҭыӡҭыԥкәа аилкаара. "Ицәажәо аҭыӡқәа" ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәы-альбомгьы раԥхьатәи аусумҭа аиԥш х-бызшәак - аԥсышәала, урысшәала, ҭырқәшәала еиқәыршәоуп. Ари аус аҿы рџьабаа сыдуп Оқтаи Ҷкотуа, Алина Жьиԥҳа, Риммеи Елеонореи Коӷониаԥҳацәа, Зарина Басныкԥҳа.
Презентация книги Дома с историей - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Аҭоурых аҿахәы зҳәо аҩнқәа: Саида Жьиԥҳа Sputnik аҿы лышәҟәы ӡырылгеит

2021 шықәса. Ҭырқәтәылатәи аныҟәара. Иацу.

Апандемиа иахырҟьаны аҭыжьра иазыхиаз сышәҟәы-альбом "Ицәажәо аҭыӡқәа" акьыԥхь абеит 2021 шықәсазы, Анкара. Еиҭа Ҭырқәтәылантәи сҩызцәа рыбзоурала мҽхакы ҭбаала Анкареи, Сҭампыли, Измиҭи, Адаԥазари ҳџьынџьуаа рыгәҭа иӡырган. Аԥсны акәзар, Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы аӡбахә ҳәан. Сынтәа, даҽа шықәсык еиԥшымкәа асаит ианылеит Ҭырқәтәылатәи сныҟәарақәа раан еидыскылаз аматериалқәа. Зықьҩыла аԥхьаҩцәа рыбжьы ақәдыргеит Ҭырқәтәыла, аԥсуа қыҭа Аԥсара инхо аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа ирызкыз ажәабжь, Есмаҳаным ақыҭаҿы игылоу 100 шықәса зхыҵуа Кәаӡаа рыҩны аҭоурых уҳәа.
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2021
Жьиԥҳа Sputnik азы: сырҿиара ӡырнагеит, алшара ҿыцқәа снаҭеит
Шықәсыла иугозар, Sputnik Аԥсны ахь исышьҭуаз аматериалқәа рахьтә абарҭ роуп еиҳа иалскаар исҭаххаз. Иааидкыланы асаит аҟны аԥхьаҩцәа ирыдгалаз анҵамҭақәа 700 иреиҳауп.
Журналистк иаҳасабала сышьақәгылараҿы Sputnik Аԥсны анырра ду ҟанаҵеит. Схатәы аԥхьаҩцәа соуртә еиԥш алшара снаҭеит. Ари амҩа сзаазыртыз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Аҭагылазаашьа схы иархәаны Sputnik Аԥсны аколлектив ирыдысныҳәалоит амаҵзура бжьышықәса ахыҵра. Аԥхьаҩцәа ирыдыжәгало ажәабжьқәа гәышьҭыхгазааит! Шьаҿа ӷәӷәала шәызну арҿиаратә мҩа еиҳау аҩаӡарақәа рахь шәкылнагааит!
Ажәабжьқәа зегьы
0