Ақьаад иалху Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа аԥырхуеит аелектронтәқәа анроулак ашьҭахь

© Sputnik / Томас ТхайцукПаспорт Российской Федерации
Паспорт Российской Федерации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ацифра аминистрреи, иара убас егьырҭ аиҿкаарақәеи еицхырааны адокумент ахк ҿыц аус адулара иаҿуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Ақьаад иалху Урыстәыла атәылауаа ртәылауаҩшәҟәқәа аԥырхуеит аелектронтәқәа анрырҭалак ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Twitter аҿы.
Иахьазы ахархәарахь анашьҭразы аус адырулоит адокумент ҿыц - аинформациа зну апластикатә хсаалага.
Паспорт Российской Федерации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Урыстәыла аелектронтә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара иалагоит 2023 шықәса ажьырныҳәа инаркны
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко ишиҳәаз ала, ари аҩыза ахсаалага аиԥш зеиԥшу аԥаршеи аҟаҵара алшаӡом, иара ианылоит изтәызаалак изку адыррақәеи ифотосахьеи. Ииҭаххар, даҽа информациакгьы ҭеигалар ҟалоит, иаҳҳәап, ИНН, СНИЛС, ма амашьынарныҟәцаразы азиншәҟәы аномер.

Аелектронтә документ азинтә статус амазаауеит уажәы ахархәараҿы иҟоу ақьаад иалху ахаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент аиԥшҵәҟьа.

2023 шықәса ишналаго еиԥш ацифратә тәылауаҩшәҟәқәа рырҭалоит х-регионк рҿы ԥышәак аҳасабала - Москва, Подмосковие, Ҭаҭарстан, урҭ ухы иаурхәар ҟалоит Урыстәыла уахьыҟазаалакгьы.
Убри аан аԥыза-министр иазгәеиҭеит ақьаадтә тәылауаҩшәҟәқәа аелектронтәқәа рыла рыԥсахра хатәгәаԥхарала шакәу ишыҟало.
Ажәабжьқәа зегьы
0