Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳаибашьцәа зыӡрыжәыз: Ианвартәи ажәылара аахыс 31 шықәса ҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукГумиста
Гумиста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2024
Анапаҵаҩра
1993 шықәса ажьырныҳәа 5 рзы Гәымсҭатәи афронт ала аԥсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахақәиҭтәра. Аԥсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лҵшәадахеит, аиҭныԥсахларақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аԥсуа еибашьцәа.
Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа гәыҭшьааган, ианвартәи ажәылараан иҭархаз аибашьцәа хашҭра рықәым. Иахьа иҳалагылоу ҳветеранцәа иахьеиԥш рыбла ихгылоуп урҭ ахҭысқәа.
Амедиаҳәшьа, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирина Папԥҳа ари ажәылара шцоз атәы лгәаларшәо, илҳәеит ҳаибашьцәа уахьгьы изымцо, арахьгьы изымаауа, хыԥсыра шырбаз.
"Ианвар хәба аҽны мацара акәӡам аибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа зегьы гәыҭшьааган. Ианвартәи ажәылараҿы рҽеибыҭаны, Гәымсҭа аӡы ирны ицеит ҳаибашьцәа, аха иахьынӡахәҭаз иахьазыҟаҵамзи амшцәгьеи ирыхҟьаны илҵшәадахеит. Хымш ҳаибашьцәа рыԥсы шҭаз ҳбон, амандаринақәа рыҵаҟа итәан, хыхьынтә ақырҭцәа реихсуан, наҟ ацашьа, арахь ааишьа рымамызт", - хәа лҳәеит Ирина Папԥҳа.
Агәымшәараз амедал занашьоу Ирина Папԥҳа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2017
Арадио
Ирина Папԥҳа: аибашьра ашықәсқәа рзы ирацәан игәыҭшьаагаз ахҭысқәа
Аибашьҩы лажәақәа рыла, аԥсуа еибашьцәа бџьарла ишахәҭаз еиқәшәамызт.
"Ҳаҷкәынцәагьы бџьарс ирымази усҟан, цқьа иӷәӷәаӡамызт аԥсуа ир. Мышқәак рышьҭахь иҭҟәаны иҟаз ақырҭуа еибашьцәеи, ианвартәи ажәылараҿи иҭахаз 23-ҩык аԥсуа еибашьцәа - афырхацәа рыԥсыбаҩқәеи еиҭныԥсахлан. Ашьҭахь еилкаахеит аиҭныԥсахларақәа рыҽнынӡа зыԥсы ҭаз 12-ҩык ҳаибашьцәа аԥсуааи аурысқәеи мчыла иҭарханы ишҳаздыргьежьыз. Уи шьақәыргылан аусӡбара-медицинатә гәаҭарала", - ҳәа ацылҵеит уи.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ианвартәи ажәылара иалахәыз Ҭенгьиз Бганба еиҭеиҳәеит Амиран Берзениа икомандаҟаҵарала дызлаз гаграаи гәдоуҭааи реиҳараҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ "Ацҳа кнаҳа" аладахьы Гәымсҭа аӡиас ируа ишалагаз. Аха уи аамҭазы аӷацәа ажәҩан ахь иршьҭуаз алашарбага зцыз арҭҟәацгақәа иднарбеит аԥсуаа ажәылара ишалагаз.
"Амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҩаԥхьа ҳар ахьаҵра ианалага, аӡиас ирхьаз ҳаибашьцәа аӷацәа иҭҟәаны иргеит, адырҩаҽны ишьны рыԥсыбаҩ аԥсуа ган иарҭеит. Гәымсҭа аӡиас шьҭахьҟа ирыз ракәзар, асы рҽылакәаҳаны рхы рзышьҭымхо шьыжьы инаркны хәлаанӡа илаиан ахымца рҽацәырыхьчарц", - ҳәа игәалаиршәоит Бганба.
Тенгиз Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2021
"Аибашьра сыԥхыӡ иалоуп": Ҭенгьиз Бганба Ианвартәи ажәылара игәалаиршәеит
Аҟәатәи абаталион аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Адгәыр Басариа ари ажәылара игәаларшәо, иҳәеит иҩызцәа аӡәырҩы шивыршьааз.
"Усҟан абаталионқәа ыҟамызт, агәыԥқәа ракәын. Ҳара ҳгәыԥ Аҟәаа рыҷкәынцәа злахәыз 30-ҩык раҟара ҳаҟан. Ианар 5 рзы ажәылара хымш шыбжьаз иҳарҳәан, ҳаԥшын хҽырхианы. Ашьыжь ҳандәықәла, ҳҩыза, Руслан Ешба дҭахеит, хгәыԥ аҟынтәи Алхас Бганбагьы дҳацәҭахеит. Ҳгәыԥ абжаҩык аӡы ирхьан, абжаҩык арра ҳаҿын, шьҭахьҟа шәгьежьы, иамуӡеит ҳәа анҳарҳәа. Нас егьи аганахь аӡы ирхьазгьы шьҭахьҟа излахәоз ала игьежьит", - иҳәеит Басариа.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭцәа ирдырит аԥсуаа ажәылара ргәы ишҭаз.
"Ҳгәыԥ амшын аганахь ҵаҟатәи ацҳала аӡы ируан. Даргьы ирдыруан (ақырҭцәа - аред.) ажәылара ҳгәы ишҭаз. Асы шьҭан, ахьҭа ыҟан. Адырҩаҽны иҳацәҭахаз аҷкәынцәа алҳгеит. Руслан Ешба дҭахеит ихәны иҟаз аҷкәын дышҭигоз. Дара ахьыҟаз рааигәа узнеиуамызт, аснаиперцәа тәан. Мышкы ҳаԥшын ҳҩыза дҭаҳгарц. Ладариа ҷкәынак Гагратәи дҳацеибашьуан, амч илан. Ашаха иманы аӡы дырит, егьи аҵыхәа ҳара иаҳкын, ибӷа Руслан Ешба дықәҵаны дҭигеит. Алхас Бганба командаҟаҵаҩс дҳаман. Иара аҷкәынцәа аӡы ирыз, арахь ианыгьежьуаз ихьчарц дхысуан, дҭахеит", - иҳәеит Басариа.
Ҭенгьиз Бганба иазгәеиҭеит ари ажәылара ргәы шканажьызгьы, уи еиҳагьы ишаӡрыжәыз.
"Ари иманшәаламхаз ажәылара даара ҳгәы канажьит, аха аӡәызаҵәык иабџьар шьҭаимҵеит, уимоу аӷа иахь ацәымыӷра еиҳагьы иӷәӷәахеит, иаҳцәыршьыз ҳашьцәеи ҳҩызцәеи ршьа ауразы иҳахон. Исымҳәарц залшом, Ажьырныҳәатәи ажәылара ашьҭахь, аҽны хәлаанӡа асы изылымҵыз ҳаҷкәынцәа агәамбзиарақәа шроуз. Уи иахырҟьаны аибашьра ашьҭахьгьы игәаҟуаз рацәаҩын", - ҳәа азгәаиҭоит аибашьҩы.
1993 шықәсазы ианвар хәба рзы Гәымсҭатәи афронтала аԥсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахы ақәиҭтәра. Аԥсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лҵшәадахеит, аиҭныԥсахларақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аԥсуа еибашьцәа. Иара убас ари ажәылараҿы ахәрақәа роуит аԥсуа еибашьцәа аӡәырҩы.
Аџьынџьтәылатәи еибашьра - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2016
Аинрал игәалашәарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0