Роспотребнадзор аҟны Марсельнтәи COVID-19 ахк ҿыц шәарҭам ҳәа ахырҳәааит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГНЦ вирусологии и биотехнологии "Вектор"
ГНЦ вирусологии и биотехнологии Вектор - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны акоронавирус ахк ҿыц B.1.640.2 цәырҵит абҵарамза 2021 шықәсазы. Уи ахымҩаԥгашьа ҳацклаԥшуеит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаараҿы ажьырныҳәа 4 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. COVID-19 ахк ҿыц Франциа Марсель ақалақь аҟны ицәырҵыз ҩымз раахыс алаҵәара ахьамаиуз аҟынтә ишәарҭам ҳәа ахуҳәаар ауеит ҳәа рҳәеит Роспотребнадзор апресс-маҵзураҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аштамм ҿыц аӡбахә рҳәеит Марсель ақалақь Аҿкчымазарақәа ринститут аҟынтәи аҵарауаа (IHU). Дара амедицина аусхкаҟны аҭҵаарадырратә статиақәа ахьыркьыԥхьуа апортал MedRxiv иркьыԥхьит Камерун ицәырҵит ҳәа агәаанагара ззыҟоу акоронавирус аштамм ҿыц иазку аҭҵаарақәа.
Урҭ аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Франциа алада-мрагыларатәи ақалақь аҿы инхо 12-ҩык ауааԥсыра ирыдырбалеит акоронавирус аҽеиҭакрақәа ирызҷыдам акомбинациа. Раԥхьаӡа акәны B.1.640.2 ҳәа хьӡыс изырҭаз акоронавирус аштамм ҿыц аарԥшын 2021 шықәса абҵарамзазы Камерунынтәи ихынҳәыз ауаҩԥсы иҿы. Авирустә геном анализ аныҟарҵа, ирбеит уи 46 ҽеиҭакра шамаз.
"Акоронавирус ахк ҿыц жәларбжьаратә адыррақәа рбаза GISAID ахь иҭаҵан абҵара 4 2021 шықәса рзы, ҩымз рыла даҽа 20 алаҵан (Европа атәылақәаки, ЕАА, Индиеи ирвдҩалақәаз), ԥхынҷкәынмзазы акәзар, акык-ҩбак роуп ирбаз. Абас ала, ҩымз рыла B.1.640.2 алаҵәара ахьамаиуз аҟынтә ишәарҭам ҳәа ахуҳәаар ауеит", - рҳәеит Роспотребнадзор аҿы.
Иара убас иазгәарҭеит Марсельтәи акоронавирус хкы Урыстәыла макьана аӡәгьы ишидрымбалац.
Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҳәамҭа ҟанаҵеит ари аштамм ҿыц ҷыдала ишацклаԥшуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0