Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара Ҟазахсҭанҟа аҭынчреиҿкааҩцәа нанашьҭуеит

© Sputnik / Абзал Калиев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Казахстане на фоне протестов
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Анапаҵаҩра
Ҟазахсҭан агаз ахә ашьҭыҵра иахҟьаны излагаз аҭынчратә акциақәа аиҿагыларақәа рахь ииасит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара ахеилак Ареспублика Ҟазахсҭанҟа ОДКБ иатәу аколлективтә ҭынчреиҿкааратә мчрақәа рышьҭуеит ҳәа иаӡбеит атәылаҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы. Абри атәы аанацҳауеит Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара асаит.
Аиҿкаара амаӡаныҟәгарҭаҿы ишьақәдырӷәӷәеит аҟазах ган дара рыцхыраара ишаҳәаз, аҳәаанырцәынтә иаашьҭу абандақәа атәылаҿы аиҿагыларақәа цәырҵыртә иҟазҵаз.
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Токаев Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаараҿы рҩызцәа рыцхыраара даҳәеит
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Ари аҩыза ахә ашьҭыҵра зыхҟьаз ҳәа Аенергетика аминистрра мзызс иаанагоит ажьырныҳәа 1 инаркны агаз ахәԥса аелектронтә биржатә хәаахәҭырҭақәа рҟны уи аҭахреи шаҟа рыдыргалои еиҿырԥшны ахәԥса шьақәдыргыло иахьалагаз азоуп ҳәа.
Ажьырныҳәа 4 рзы атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит.
Ашьыжь ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Уи адагьы, иара адҵа ҟаиҵеит аӡшьартә гази абылтәи рыхәԥса шықәсыбжак иалагӡаны аҳәынҭқарра иҭышәыннартәаларазы.
Иара убас адырра ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз, уаанӡа иҟаз атәыла раԥхьатәи ахада Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан, уи адагьы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ажәалагала ҿыцқәа иманы дышцәырҵуа. Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит ишҭахаз, ахәрақәа шроуз амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, убри аҟнытә азинеилагаҩцәа раанкыларазы иџьбараны рхы шымҩаԥыргало иҳәеит.
Ажьырныҳәа 5 рзы аҭагылазаашьа зынӡаск аибарххарахь икылнагеит, Алма-Ата ақалақь ахадара ахыбра иажәлан амцагьы ацрарҵеит. Ауаа рацәа злахәу аилаҩынтрақәа ирылагеит. Амародиорцәа аофисқәа хыла-гәыла еиларҵон, абанкоматқәа ԥырҽуан. Алма-Ата атәыла ахада иҩни аҳаирбаӷәазеи ааныркылеит. Ҩ-миллионҩык ауаа ахьынхо ақалақь аинфраструктура аԥхасҭа ӷәӷәа аҭоуп.
Атәыла зегь аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп. Ҟазахсҭан иҟоу афинанстә еиҿкаарақәа зегьы русура ааныркылеит аконтртеррористтә операциа ашьҭахь, иара убас аинтернет аусура ахьеиԥҟьо азы.
Ашьыжь ажьырныҳәа 6 рзы Sputnik Ҟазахсҭан иаанацҳаит Алма-Ата Ареспублика ашҭаҿы аиҿахысрақәа ишрылагаз. Ара идыргылеит 50 ак атехника, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы БТР-қәа, акәылӡтәы машьынақәа, арратә еидарамҩангагақәа ирҭартәаны иааргеит бџьарла еиқәных аруаа, урҭ ашҭа иакәшаны иааныркылеит.
Дара 200-ҩык раҟара аҿагылара аазырԥшуаз, аҭагылазаашьа амца ацразҵоз ауаа амацәаз иҭаркит. Урҭ рахьтә абџьар змаз рацәаҩын аҟнытә аиҿахысрақәа ирылагеит.
Абыржәтәи аамҭазы, Sputnik Ҟазахсҭан ишаанацҳауа ала, аруаа Алма-Ата Ареспублика ашҭа ааныжьны иқәҵит.
Алма-Ата аполициа адырра ҟанаҵеит уахынла русбарҭа ахыбра иажәлан иааныркыларц ргәы ишҭаз аҿагылаҩцәа, урҭ рахьтәи жәаҩыла ауааԥсыра ҭахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0