Ҟазахтәи АИХқәа адырра ҟарҵеит аҳақьымцәа рганахьала ақәыларақәа шыҟалаз

© Sputnik Абзал Калиев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Казахстане на фоне протестов
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Анапаҵаҩра
Ҟазахсҭан зегь аҿы аҭагылазаашьа ҷыда арежим алагалоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Ҟазахсҭан иахьазы аилаҩеиласрақәа еиҿызкаауа ҳәа иԥхьаӡоу абандеиҿкаарақәа аҳақьымцәа ирықәлеит, жәаҩык иреиҳаны амедицинатә усзуҩцәа ааха оуит ҳәа аанацҳауеит ателеканал "Хабар 24" агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ажар Гиниат иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Абандеиҿкаарақәа аҳақьымцәа ирыжәлоит, уажәтәи аамҭазы жәаҩык амедицинатә усзуҩцәа аахақәа роуит", - ҳәа рҳәеит ателеканал "Хабар 24" аефир аҿы.
Гиниат ааԥхьара ҟаиҵеит амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә уалԥшьақәа рынагӡараҟны ирԥырхагамхарц.
Уаанӡа Алма-Ата акомендатураҿы ирҳәахьан ақалақь аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 13-ҩык рҟынӡа ишынаӡаз, урҭ рахьтә ҩыџьа рхы хҵәаны ишырбаз.
Ари аҩыза ахҭыс шаҳаҭра ауеит "Алма-Ата иажәлаз абандеиҿкаарақәа атеррористтәи аекстермисттәи ҟазшьа шрымоу".
Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, 12-ҩык амчратә усзуҩцәа ҭахеит, 353-ҩык аахақәа роуит.
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Ҟазахсҭан аиҿагыларақәа раан амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ҭахеит
Нур-Султан иҟоу азинхьчаҩцәа русура еиҳагьы идырӷәӷәеит ҳәа аанацҳаит Sputnik Ҟазахсҭан.
Нур-Султан ауаажәларратә транспорти егьырҭ аобиектқәеи уаанӡеиԥш аус руеит, абанкқәеи ауаа рымаҵ ауразы ацентрқәеи рыда. Убри аан, атәыла зегь аҿеиԥш, аҭагылазаашьа арежим амч амоуп, акоменданттә сааҭ шьақәыргылоуп асааҭ 23:00 инаркны 07:00 рҟынӡа.
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Ажьырныҳәа 4 рзы атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит. Алма-Ата, ареспублика ԥыхьатәи аҳҭнықалақь аҿы ажьырныҳәа 4, 5 рзы аҿагылара аазырԥшуази аполициаа еиҿанагалеит, аполициа ахы ианархәеит агази алашарабжьытә рԥжәагақәеи. Ҟазахсҭан зегь аҿы аинтернет аҿыхын, ателеканалқәа русура аанкылан, иалагалан аҭагылазаашьа ҷыда арежим.
Ашьыжь ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Иара убас адырра ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз, уаанӡа иҟаз атәыла раԥхьатәи ахада Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан. Ажьырныҳәа 6 ауха Токаев имҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак иара инапхгарала ираԥхьатәихаз аилатәара, уи аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа "аҳәынҭқарра акзаара ҵызшәаауа" шакәу, адыррагьы ҟаиҵеит ОДКБ ахь аҳәара шыҟаиҵаз "атеррористтә шәарҭара ахыхраҟны ирыцхрааразы".
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Токаев Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаараҿы рҩызцәа рыцхыраара даҳәеит
Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара аколлективтә шәарҭадаразы ахеилак уи аухаҵәҟьа иаӡбеит Ҟазахсҭанҟа еилахәу аҭынчреиҿкааратә мчрақәа нанашьҭырц. Адырра шыҟарҵаз ала, арҭ архәҭақәа уа иҟазаауеит атәылаҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа.
Отправка российской части миротворческого контингента в Казахстан - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
ОДКБ Ҟазахсҭанҟа аҭынчреиҿкааҩцәа рдәықәҵара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0