Урыстәыла ААР: Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҳәаанырцәынтәи адгылара аиуит

© Sputnik / Михаил ВоскресенскийЗдание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской площади в Москве.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской площади в Москве.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҳәаанырцәынтәи адгылара зауз мчыла аҳәынҭқарра ашәарҭадареи акзаареи рышьақәҟьара аҽазышәара ауп ауп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Ари аҩыза аҭагылазаашьа шьақәгылеит "ибзианы иазыҟаҵоу, бџьарла еибыҭоу, еиҿкаау агәыԥқәа" рхархәарала ҳәа иацырҵеит аусбарҭаҿы.
"Урыстәылатәи Афедерациа, ОДКБ аҳәаақәа ирҭагӡаны иамоу аидгыларатә хәдықәҵақәа ыршаҳаҭуа, Ҟазахсҭан аҩнуҵҟаполиликатә ҭагылазаашьа аҵахь ацара иахьаҿуи аиҿагыларақәа ирыҵо ашәарҭара иахьацлои раанкыларазы аусмҩаԥгатәқәа шынагӡатәу азгәанаҭоит", - ҳәа ануп адәныҟаполитикатә усбарҭа иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
ААР аҿы иазгәарҭеит атәыла иаарласны абжьааԥнытәи аԥсҭазаарахь ихынҳәып ҳәа.
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Ажьырныҳәа 4 рзы атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит. Алма-Ата, ареспублика ԥыхьатәи аҳҭнықалақь аҿы ажьырныҳәа 4, 5 рзы аҿагылара аазырԥшуази аполициаа еиҿанагалеит, аполициа ахы ианархәеит агази алашарабжьытә рԥжәагақәеи. Ҟазахсҭан зегь аҿы аинтернет аҿыхын, ателеканалқәа русура аанкылан, иалагалан аҭагылазаашьа ҷыда арежим.
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Ҟазахтәи АИХқәа адырра ҟарҵеит аҳақьымцәа рганахьала ақәыларақәа шыҟалаз
Ашьыжь ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Иара убас адырра ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз, уаанӡа иҟаз атәыла раԥхьатәи ахада Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан. Ажьырныҳәа 6 ауха Токаев имҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак иара инапхгарала ираԥхьатәихаз аилатәара, уи аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа "аҳәынҭқарра акзаара ҵызшәаауа" шакәу, адыррагьы ҟаиҵеит ОДКБ ахь аҳәара шыҟаиҵаз "атеррористтә шәарҭара ахыхраҟны ирыцхрааразы".
Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара аколлективтә шәарҭадаразы ахеилак уи аухаҵәҟьа иаӡбеит Ҟазахсҭанҟа еилахәу аҭынчреиҿкааратә мчрақәа нанашьҭырц. Адырра шыҟарҵаз ала, арҭ архәҭақәа уа иҟазаауеит атәылаҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа.
Отправка российской части миротворческого контингента в Казахстан - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
ОДКБ Ҟазахсҭанҟа аҭынчреиҿкааҩцәа рдәықәҵара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0