Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Краснодартәи атәылаҿацә аиҳабыра хнызқь тонна ачашыла Аԥсныҟа иаарышьҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПроверка пекарен в Сухуме государственным комитетом Абхазии по стандартам, потребительскому и техническому надзору
Проверка пекарен в Сухуме государственным комитетом Абхазии по стандартам, потребительскому и техническому надзору  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Анапаҵаҩра
Ачашыла Аԥсныҟа иаашьҭхоит хәҭа-хәҭала хәажәкырамзанӡа, иара убас ауааԥсыра ирызшахоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Хнызқь тонна ачашыла агуманитартә цхыраара аҳасабала Аԥсны иаиҭеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратев, абри атәы иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ , ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.
Ачашыла Аԥсныҟа иаагахоит хәҭа-хәҭала, ҳуааԥсыра ирызшахоит апандемиа аамҭази ашықәс ҿыцызтәи аныҳәақәеи рзы ацхыраара аҳасабала.
Весенняя посевная в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Аԥсны
Аԥсны ақыҭақәа рыҿиараз апрограммала 90 проект аԥара рзоужьуп
"Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иԥылараан Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кандратев (Москва мшаԥымза 2021 шықәсазы - азгә.) агәаҳәара ааирԥшит Аԥсны ацхраара аҭара. Краснодартәи атәылаҿацә адгьылқәаарыхра излалаҟоу ала, хнызқь тонна ачарыц ҳаиҭеит. Анаҩс атәыла ахада ҳнапы ианиҵеит ачарыц алагара, уи азын Краснодарҟа ҳцеит. Асҟаара ачарыц алагара Аԥсны излаҳаламшоз азгәаҭан Кондратев ачашыла ҳаиҭеит", - ҳәа иҳәеит Џьапуа.
Аԥыза аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит, хнызқь тонна ачашыла аус адуланы аашьҭразы Тихорецктәи акомбинати Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрреи аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсныҟа иаагоуп зықьтонна иназынаԥшуа ачашыла. Ачашыла еихыршоит араионқәеи ақалақьқәеи рыҟны.
"Ақыҭақәа рхадацәа ачашыла ргоит аихамҩатә платформақәа рҟынтәи, анаҩс анхацәа ирзыршоит. Дара ачашыла зырҭаз рсиа еизганы иҳарҭоит, уи алагь агуманитартә комиссиа аихшьаалақәа ҟанаҵоит", - иҳәеит Џьапуа.
Џьапуа иара убасгьы иазгәеиҭеит, ачашыла зегьы хәажәкырамзанӡа еихшаны хәҭа-хәҭала Аԥсныҟа ишаагахо.
Иҟаҵоу ацхыраара аҭакс Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра, Краснодартәи атәылаҿацә ахадареи Тихорецктәи акомбинати русзуҩцәа рзын хтоннак амандаринеи 20 иашьык аҭыԥантәи аҩи рзыршьҭит.
Ажәабжьқәа зегьы
0