Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аполитолог Ҳагба: Аԥсны иаҭахуп аҭакԥхықәра аазырԥшуа аполитикцәа

Аполитолог Ҳагба: Аԥсны иаҭахуп аҭакԥхықәра аазырԥшуа аполитикцәа
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны аҭыԥ змаз аполитикатә процессқәа, игәаанагара иҳәеит урҭ рымҩаԥысшьазы.
Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны иҟаз аполитикатә процессқәа рҟны еихьӡарак алкаара уҭахызаргьы, ус еиԥш згәаҭак атәы узҳәом ҳәа иԥхьаӡоит аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба.
"Аполитикатә ԥсҭазаара апроцессқәа рҟны Аԥсны еиҳараӡак аԥыжәара агеит аичырчара, аижәылара. Уажәраанӡа Аԥсны аҭыԥ змаз аполитикатә процесс, аполитикатә культура - убри ҳаҽҳзалымхӡеит. Ашықәс ҿыц гәыӷрақәак анаҳҭо, урылацәажәар уҭаххоит қәҿиарақәак, еихьӡарақәак, аха иҳаҩсыз ашықәс азы аполитикаҟны убас еиԥш згәаҭарақәак ртәы узҳәаӡом. Уи зхароу ҳполитикцәа роуп, иуҳәар ҟалоит аполитикатә процесс иалахәу, аполитикатә елита ҳәа зхы зыԥхьаӡо. Имаҷны, иԥсыҽны иаарԥшын аполитикатә ҭакԥхықәра… Аԥсны аҭакԥхықәра аазырԥшуа аполитикцәа аҭахуп. Сара шәсазҵаауазар, иахьа зҵаара хадас иҟоу убри ауп", - иҳәеит Ҳагба.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0