https://sputnik-abkhazia.info/20220109/iasyz-ymsh-ryla-akoronavirus-ztsa-ialaz-ya-sit-asny-1037060311.html
Иҳаҩсыз ҩымш рыла акоронавирус зцәа иалаз ҩыџьа ԥсит Аԥсны
Иҳаҩсыз ҩымш рыла акоронавирус зцәа иалаз ҩыџьа ԥсит Аԥсны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 38307-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 31303-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 563-ҩык. 09.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-09T23:51+0300
2022-01-09T23:51+0300
2022-01-09T23:54+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031147864_0:4:2000:1129_1920x0_80_0_0_57fb214cffd428bf8501a19e05f9d630.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 419-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 80-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит, ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит аҿкы зыдбалаз ҩыџьа: 92 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски, 44 шықәса зхыҵуаз хаҵаки.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 71-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ы, ибжьаратәуп - 49-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ааҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031147864_223:0:2000:1333_1920x0_80_0_0_cb6572ae8559b8c3d7ba1bd9ac5b5c14.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Иҳаҩсыз ҩымш рыла акоронавирус зцәа иалаз ҩыџьа ԥсит Аԥсны
23:51 09.01.2022 (ирҿыцуп: 23:54 09.01.2022) Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 38307-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 31303-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 563-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 419-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 80-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит, ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит аҿкы зыдбалаз ҩыџьа: 92 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски, 44 шықәса зхыҵуаз хаҵаки.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 71-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ы, ибжьаратәуп - 49-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ааҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп.