Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зыԥсҭазаара зегьы ажурналистика иазызкыз: Енвер Арџьениа ииубилеи аҳаҭыр азы

© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтәЕнвер Арџьениа
Енвер Арџьениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡареи "Агәымшәараз" амедали занашьоу, Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла (СНГ) ажурналистцәа реидгылақәа рпремиа алауреат Енвер Арџьениа ихыҵит 60 шықәса.
Ажәлар ииашоу аинформациа рызнагара, уи иацу аҭакԥхықәра аилкаара, ажурналист иус хада ибзианы адырра - абарҭқәа зегьы 40 шықәса инеиԥынкыланы амаҵ рзызуа Енвер Арџьениа илагала даараӡа идууп аԥсуа журналистика анысымҩаҟны.
Диит иара ажьырныҳәа 9, 1962 шықәсазы Лыхны ақыҭан. Иаб Чынчор Даҭа-иԥа Аԥсны зҽаԥсазтәыз ҽыбӷаҟазан, иан Дина Чагәааԥҳа 35 шықәса инареиҳаны ашкол аҟны аус луан, еицырдыруаз рҵаҩын.
Енвер Арџьениа ижурналистикатә усура хациркит ажурнал "Алашареи" агазеҭқәа "Аԥсуа университети", "Аԥсны Ҟаԥшьи" рҟны.
© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтәЕнвер Арџьениа
Енвер Арџьениа - Sputnik Аҧсны
1/2
Енвер Арџьениа
© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтәЕнвер Арџьениа
Енвер Арџьениа - Sputnik Аҧсны
2/2
Енвер Арџьениа
1/2
Енвер Арџьениа
2/2
Енвер Арџьениа
"Раԥхьатәи сҩымҭақәа рныло иалагеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь", анаҩс ҿыц зҭыҵра иалагаз агазеҭ "Аԥсуа Университет". Агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны аусура салагеит санстудентыз, 20 шықәса ракәын исхыҵуаз, шықәсыла зегьы среиҵбын. Уаҟа аус зуанаҵы, исыԥхьеит арратә маҵзурахьы. Шықәсыки бжаки арра схыганы, сус сазыхынҳәит", - ҳәа иҳәоит Енвер Арџьениа.
Арджения. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2018
Арадио
Енвер Арџьениа: арадио еснагь азҿлымҳара аман
1991 ш. инаркны Енвер Арџьениа аусура далагоит Аԥсуа телехәаԥшраҿы, раԥхьа корреспондентс, анаҩс - атематикатә программақәа рыҟәша еиҳабыс. Иара ишиашоу ицоз Аҟәатәи "Динамо" злахәыз СССР ачемпионат аҿы ашьапылампыл азы ахәмаррақәа раԥхьатәи рыхҳәааҟаҵаҩс дыҟан.
"Агазеҭ аҟны "Аҭыԥантәи аинформациатә ҟәша" ҳәа иҟан, убраҟа аусура салагеит, еиҳарак акурорти аспорти ирызкыз аматериалқәа ракәын еидыскылоз. Корреспондентк иаҳасабала имҩаԥызгон есхәашала иҭыҵуаз "Ауаҩи адунеии" зыхьӡыз адырраҭара. Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуаз аспорттә еицлабрақәа ахҳәаа рзыҟасҵон. Ҷыдала ашьапылампыл бзиа избон, аспорт иадҳәаланы иҭыҵуаз ашәҟәқәа срызҿлымҳан, иҟалап убри иабзоурахазар ателехәаԥшрахьы сцәырҵра", - ҳәа иҳәоит иара.
Ашьапылампыл ахәмарразы Аԥсны раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩы Енвер Арџьениа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2016
Ашьапылампыл ахәмарразы ахҳәааҟаҵара хацзыркыз Енвер Арџьениа
Енвер Арџьениа иажәақәа рыла, 1990 шықәсазы агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны аус еицызуаз Даур Инаԥшьба, Руслан Ҳашыг, иара ателехәаԥшра ашҟа аусура ииаргеит. Уи ибзоуран усҟантәи аредактор хада Владимир Занҭариа. Уи атәы игәаларшәо, иара иҳәоит:
"Ԥышәак иаҳзаҩызан раԥхьаӡакәны ателехәаԥшрахьы ҳцәырҵра. Раԥхьатәи ҳсиужет азкын 1989-тәи ашықәсқәа раан аполитикатә еиҿагылара иахҟьаны ақырҭцәа Уарча Дырмит Гәлиа ибаҟа ааха ӷәӷәа иарҭаз атәы арепортаж азырхиара, иагьҳақәҿиеит ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа игәалаиршәоит Арџьениа.
© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтә

Даур Инаԥшьбеи Енвер Арџьениеи

Даур Инаԥшьбеи Енвер Арџьениеи - Sputnik Аҧсны
1/3

Даур Инаԥшьбеи Енвер Арџьениеи

© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтәЕнвер Арџьениа
Енвер Арџьениа - Sputnik Аҧсны
2/3
Енвер Арџьениа
© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтә

Енвер Арџьениа Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа рыгәҭа

Енвер Арџьениа Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
3/3

Енвер Арџьениа Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа рыгәҭа

1/3

Даур Инаԥшьбеи Енвер Арџьениеи

2/3
Енвер Арџьениа
3/3

Енвер Арџьениа Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа рыгәҭа

Енвер Арџьениа 1992- 1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра дрылахәын, арратә корреспондентс дыҟан.
"Аибашьра ианалага, Аҟәа ақырҭцәа ишыргоз атәы анеилаҳкаа, иҳамаз атехника, архивтә документқәа уҳәа зегьы ақалақь иалганы, Лыхныҟа аагара снапы ианын. Даҽа мышқәак рышьҭахь ҳҩызцәагьы Аҟәа иалҵит. Виачеслав Сақаниеи Анзор Кәарҷелиеи Гаграҟа идәықәлеит. Даур Инаԥшьбеи, Емма Хоџьааи, сареи, аоператорцәеи Гәымсҭатәи афронт аҟны аус ҳуан. Ҳтелехәаԥшра хықәкыс иаман аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзыҳәаны агәкаҳара ҟамларц ауаа ргәы ашьҭыхра, ажәлар зықәгәыӷуаз ажәабжь арыларҵәара. Ишәарҭан аҭыхрақәа рымҩаԥгараан, ҳмашьына еихсуан, ҳааигәа акырынтә арҭҟәацгақәа карыжьуан, аха зегьы акоуп ҳҭыхымҭақәа реиқәырхара ҳҽазаҳшәон. Иҭаҳхуаз акадрқәа, усҟан Урыстәыла иреиӷьыз аканалқәа рыҟны иддырбон. Убри ала адунеи аҟны еилыркаауан Аԥсны иҟаз аҭагылазаашьа", - ҳәа игәалаиршәоит Енвер Арџьениа.
© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтәЕнвер Арџьениа
Енвер Арџьениа - Sputnik Аҧсны
1/2
Енвер Арџьениа
© Foto / из архива АТ и личных архивов сотрудников

Аоператор Анатоли Маланиа, ажурналистцәа Енвер Арџьениа, Оҭар Лакрба

Аоператор Анатоли Маланиа, ажурналистцәа Енвер Арџьениа, Оҭар Лакрба - Sputnik Аҧсны
2/2

Аоператор Анатоли Маланиа, ажурналистцәа Енвер Арџьениа, Оҭар Лакрба

1/2
Енвер Арџьениа
2/2

Аоператор Анатоли Маланиа, ажурналистцәа Енвер Арџьениа, Оҭар Лакрба

1996 ш. раахыс иахьа уажәраанӡа Енвер Чынчор-иԥа Аԥсуа телехәаԥшра акорреспондентс дыҟоуп, ҷыдала Гәдоуҭа араион дадҳәалоуп.
"Ажурналист иус аҟны ихадароу ҳәа исыԥхьаӡо, ажурналист дзыҿцәажәо иоума, ателехәаԥшра иаиҭо аинформациаҟны аума, ихатәы гәаанагара аҽаԥымшьра. Ииашаны, аобиективла иҟоу аҭагылазаашьа аарԥшроуп ихықәку", - ҳәа иҳәоит иара.
© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтә

Енвер Арџьениа, Виктор Гусев, Руслан Ҳашыг

Енвер Арџьениа, Виктор Гусев, Руслан Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
1/3

Енвер Арџьениа, Виктор Гусев, Руслан Ҳашыг

© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтә

Енвер Арџьениеи Аԥсуа ателехәаԥшра аусзуҩцәеи

Енвер Арџьениеи Аԥсуа ателехәаԥшра аусзуҩцәеи - Sputnik Аҧсны
2/3

Енвер Арџьениеи Аԥсуа ателехәаԥшра аусзуҩцәеи

© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтә

Енвер Арџьениеи Даур Инаԥшьбеи

Енвер Арџьениеи Даур Инаԥшьбеи - Sputnik Аҧсны
3/3

Енвер Арџьениеи Даур Инаԥшьбеи

1/3

Енвер Арџьениа, Виктор Гусев, Руслан Ҳашыг

2/3

Енвер Арџьениеи Аԥсуа ателехәаԥшра аусзуҩцәеи

3/3

Енвер Арџьениеи Даур Инаԥшьбеи

Енвер Арџьениа иусуреи ирҿиареи инарываргыланы, иаԥиҵеит иҿырԥшыгоу аҭаацәара. Иԥшәмаԥҳәыс Бениаԥҳа Есмеи иареи ирааӡеит хҩык ахшара: ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи. Иԥшәмаԥҳәыс ашкол аҟны "аинформатика" арҵаҩыс аус луеит. Рԥа еиҳабы, Инал Арџьениа, иахьа аҵара иҵоит Санкт-Петербург Киров ихьыӡ зху арратә медицинатә академиа аординатураҟны атравматолог-аортопед изанааҭ ала. Агәыбжьанытә рԥа, Асҭан Арџьениа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет диплом ҟаԥшьыла далгеит анџьныр изанааҭ ала. Рыԥҳа заҵәы Саида Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет дастудентуп, убри инаваргыланы, ажурналистика амҩа алхны, еиуеиԥшым аҽазыҟаҵара-практикатә нҵамҭақәа, аҭыхрақәа мҩаԥылгоит.
© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтә

Енвер Арџьениа иԥацәеи иареи

Енвер Арџьениа иԥацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
1/3

Енвер Арџьениа иԥацәеи иареи

© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтә

Енвер Арџьениа иԥҳаи иареи

Енвер Арџьениа иԥҳаи иареи - Sputnik Аҧсны
2/3

Енвер Арџьениа иԥҳаи иареи

© Foto / Арџьениаа рҭаацәаратә архив аҟынтә

Енвер Арџьениеи аоператор Адамыр Џьениеи

Енвер Арџьениеи аоператор Адамыр Џьениеи - Sputnik Аҧсны
3/3

Енвер Арџьениеи аоператор Адамыр Џьениеи

1/3

Енвер Арџьениа иԥацәеи иареи

2/3

Енвер Арџьениа иԥҳаи иареи

3/3

Енвер Арџьениеи аоператор Адамыр Џьениеи

Енвер Арџьениа – Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла (СНГ) ажурналистцәа реидгылақәа рпремиа далауреатуп. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡареи "Агәымшәараз" амедали.
Енвер Арџьениа - раԥхьатәи ааԥсуа спорттә хҳәааҟаҵаҩ. Иара убас иара иоуп Аԥсуа телехәаԥшраҿы раԥхьаӡакәны 2004 шықәсазы ишиашоу ицо аефир ала Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа зегьы злахәыз ателееиҿцәажәара мҩаԥызгаз.
© Foto / Адгәыр ГәынбаАшьапылампыл ахәмарразы раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа
Ашьапылампыл ахәмарразы раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа - Sputnik Аҧсны
1/2
Ашьапылампыл ахәмарразы раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа

Ажәабжьқәа зегьы
0