Ашьапылампыл ахәмарразы ахҳәааҟаҵара хацзыркыз Енвер Арџьениа

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьапылампыл ахәмарразы Аԥсны раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩы Енвер Арџьениа.
Ашьапылампыл ахәмарразы Аԥсны раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩы Енвер Арџьениа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат аламҭалаз ашьапылампыл ахәмарразы Аԥсны раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсни Урыстәылеи ажурналистцәа рхеидкыла алахәыла, "Агәымшәаразы " амедали, "Ахьӡ- аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Енвер Арџьениа иигәалаиршәеит аспорт ижурналисттә усура ишахәҭакхаз.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Ахҳәааҟаҵарахьы амҩа

1990-тәи ашықәсқәа раан Енвер Арџьениа ижурналистикатә усура иахәҭакхеит аспорт, хаҭала ашьапылампыл ахәмаррақәа ахҳәааҟаҵара.

Енвер Арџьениа даныхәыҷыз инаркны бзиа ибон аспорт, азҿлымҳара аиҭон ашьапылампыл. Ашкол данҭаз ашьапылампыл асраз СССР ачемпионат анымҩаԥысуаз ахәмаррақәа зегьы дахәаԥшуан, игәы азыбылуан. Аамҭаказы, агазеҭ "Советский спорт" агәлаҵа "Футбол-хоккеи" ҳәа иҟаз, амҽышла иҭыҵуан иара, аха ҳара ҳҟынӡа аҩашала акәын ианаауаз, убас азымхара ыҟан, есымша даԥхьон. Гәдоуҭатәи акьыԥхь ҭиирҭаҟны 30 копеи ҳәа иааихәон. Убри ала иидыруан ашьапылампыл акәша-мыкәша имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы. Уи ашьҭахь аинститут аҟны аҵара аниҵоз ашьапылампыл асраз акоманда "Динамо-Сухум" дызгәыбылҩын.

© Foto / Адгәыр ГәынбаАшьапылампыл ахәмарразы раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа
Ашьапылампыл ахәмарразы раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл ахәмарразы раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа

"Аинститут ашьҭахь аусура салагеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны, уаҟа еиҳарак аспорттә рубрика снапы алакын, аспорт хкқәа зегьы ирызкны ахҳәаа ҟасҵон. Уи анаҩсан, аԥсуа радио ахь ааԥхьара сырҭеит, исыдыргалеит имҩаԥысуаз аспорттә хҭысқәа ахҳәаа аҟаҵара, дара зегьы аԥсышәала исҳәон. Ишнеи-шнеиуаз  "Динамо-Сухум" ашьапылампыл асыҩцәа СССР акубок агаразы ахәмарра иалагеит. Акыр ахәмаррақәа рнаҩсан 1/8 афинал аҟны ихәмаруан аҩны, дара аиааира ргеит. Убри ахәмарра ашьҭахь ауп ианыӡбахаз ахәмаррақәа анымҩаԥсуа ахҳәааҟаҵара. Уи аламҭалаз агазеҭ аҟны аусура снапы шалакызгьы Аԥсуа  телехәаԥшраҿгьы  "Ауаҩы адунеи" ҳәа адырраҭара цон, уи анҵәамҭаз аспорттә жәабжьқәа мҩаԥызгон",  - ҳәа игәалаиршәоит Енвер Арџьениа.

Аԥсуа шьапылампыл асыҩ Алмасхан Џьниа - Sputnik Аҧсны
Џьниа: ашьапылампыл сыхҭысқәа зегьы иреиӷьуп

Енвер Арџьениа иажәақәа рыла, ашьапылампыл еиԥыларақәа рыхҳәааҟаҵаразы амаҵураныҟәара ҳәа акырџьара дцахьан.

Енвер  "имаркатыл"

Харкьков ақалақь аҟны "Металист-Харькови"  "Динамо- Сухуми" ашьапылампыл асыҩцәа еиԥылон. Уи ашьҭахь, Гәырам Амқәаб идигалеит ишиашоу ицо ахәмаррақәа аԥсышәала рыхҳәааҟаҵара. Енвер Арџьениа иҳәоит уамак ишиҭахымыз далагеит ҳәа, ишыцәгьаз идыруан аҟынтә. Рапхьатәи зыхҳәаа ҟаиҵоз ахәмарра мҩаԥысуан мшаԥымза 12 аҽны, Аҟәа ихәмаруан "Спартак-Орджоникидзеи" "Динамо-Сухуми" ашьапылампыл асыҩцәа.

"Раԥхьатәи ахәмаррақәа раан аԥхӡы сылҵон цәгьала, агәалашәарагьы сҭахӡам, иуадаҩын амҩаԥгара, избанзар ашьапылампыл атерминологиа аԥсшәахь еиҭагаӡамызт. Сара схала еиҭазгон акәакьтә мпыл (угловой), ахараԥсса (штрафной), амаркатыл (ножницы) абарҭ ажәақәа ашьапылампыл атерминалогиа ахәмарра шцоз еиҭазгон. Раԥхьа ахәмаррақәа рыхҳәаа иҭаҩҩны иҟаҳҵон, абжьы саназыӡырҩуаз сыгхақәа збон, ишиашоу ицо аефир аҟны ицәгьан, аха сҽазысшәон. Иахьа уажәраанзагьы ибзианы имҩаԥызгеит ҳәа сызҳәаӡом, избанзар иуадаҩын", — ҳәа ациҵеит иара.

Аҟәатәи атурнир аҟны аспортсменцәа аҵәы дыршәуан

Ашьапылампыл иазку  атерминқәа акыр шеиҭагоугьы еиҭамгақәа иаанхазгьы ыҟоуп.

"Еиҭазгаз аҟнытә  амаркатыл (ножницы) еиҳа  ауаа ргәалашәараҿы иаанхеит. Исгәалашәоит иара шысхәыцызгьы, ахәмарра цон  "Динамо-Сухум" ашьапылампыл асыҩ Гьаргь Чалигава иҟаиҵеит –ножницы ҳәа изышьҭоу, амаркатыл ҟаиҵеит сҳәеит саргьы, ус иаанхеит. Аамҭа шцахьоугьы уи згәалашәо санырбалак Енвер "амаркатыл" даауеит рҳәоит", — ҳәа азгәеиҭеит Арџьениа.

Раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа иажәақәа рыла, даныҷкәыназ далаҽарбон ари аус, аха иҟалалон аамҭақәак мап ацәико аҟынӡа даннеиуаз.

"Ахааназ исхашҭуам Аԥсуа патриот ду Владимир Анқәаб иԥсҭазаара алҵра уамак шагмыз аредакциа аҟны днеит: "Ламыс умазар, уаҟәымҵкәа абри аус ҟаҵала. Ахәыҷкәа ашьапылампыл бзиа ирбоит, иара аԥсшәа днарҵоит", ҳәа сеиҳәеит, иажәақәа сыцуп еснагь. Абарҭ ажәақәа ракәзаргьы ҟалап иахьа уажәраанӡагьы аспорт жәабжьқәа рааныжьра алзмаршазгьы", — ҳәа иҳәеит Енвер Арџьениа.

© Foto / Адгәыр ГәынбаАшьапылампыл ахәмарразы раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа
Ашьапылампыл ахәмарразы раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл ахәмарразы раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩ Енвер Арџьениа

Ашьапылампылаз аиԥыларақәа раан Амиран Гамгиеи иареи шамахамзар ҳахәмарыҩцәа ахьцоз ирыцын.

"Динамо-Сухум"

Аибашьра алагамҭаз ақырҭцәа ашьапылампыл асыҩцәа акоманда аанрыжьит, нас аԥсуаа "Динамо-Сухум" ҳәа иҟаз акоманда еиҿыркааит, зегьы аԥсыуаан аӡәызаҵәык ақырҭуа дрылан, амба ахьчаҩ Гурген Бениӡе ҳәа.

"Ачемпионат алагара мчыбжьык шагыз акоманда еиԥхьттеит. "Динамо–Москва" азыҟаҵаҩ Олег Долматов Урыстәылатәи ахәмырыҩцәа ааганы дрыцхрааит акоманда "Динамо-Сухум" аиҿкаара. Анаҩсан, Ереван ахәмарра мҩаԥысуан, уи далахәын Гәырам Габескириа акоманда еилазкшаз, ақырҭцәа иаанрыжьратә иҟазҵаз, ҳаҵахоит ҳәа игәы иаанагозар акәхарын, иара  аибашьраан дыршьит. Исгәалашәоит, ҳкоманда убас ибзианы ихәмарит, иагьаиааит. Еиҳарак уи зласгәлашәо уи ауп Аркади Андриасиан сиҿцәажәон "даара акоманда сгәаԥхеит, сақәгәыӷуамызт ас рхы аадырԥшоит" ҳәа иҳәеит. Убас ахәмаррақәа рацәан. Аҷкәынцәа ибзианы ихәмаруан, зегь раԥхьа иргыланы Даур Ахвледиани акоманда акапитан, уи дкапитанҵәҟьан", ҳәа игәалаиршәоит урҭ аамҭақәа Арџьениа.

Олег Лакрба: анапылампыл аиааиратә доуҳа ацуп

Роман Ҳагба, Саид Ҭарба, Џьума Кәарцхьиа, Џьамал Гәбаз, Гьаргь Чалигава уҳәа ирацәаҩын ахәмырыҩцәа. Дара патриотцәан, ибзиангьы ихәмаруан, Асовет Еидгыла еилаҳаанӡа ԥышәа дук шрамамызгьы ирылшаз рацәоуп аԥсуа ашьапылампыл асыҩцәа.

"Ақәра анцалакгьы даҽакала уахәаԥшуазар акәхап, усҟан еиҳа абаҩхатәра ыҟазшәа сгәы иабоит. Иахьа ашьапылампыл аҩаӡара еиҳа иҳаракызар акәын. Уи еиҳарак изыхҟьо ашьапылампыл асыҩцәа аҩны ауп иахьыхәмаруа, анҭыҵ џьара ахәмаррақәа ирылахәӡам. Уигьы ҟалап ҳәа ҳгәыӷоит", — ҳәа игәаанагара ҳацеҩишеит Арџьениа.

Аибашьра аамҭа, ашьҭахь…

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 ашықәсқәа рзы раԥхьатәи амшқәа инадыркны Енвер Арџьениа аибашьра далахәын, еиҳарак Гәымсҭатәи афронт аҟны аус иуан.

"Сгәы иалоуп иахьа уажәраанӡа сентиабр 17-18 рзы ешыратәи аспортбазаҟны аҭыхрақәа мҩаԥаагон, убра амашьына дуқәа рыла аибашьцәа Гагрантә иааргеит, убраҟа снаихьԥшит Даур Ахвледиани, сзеихьымӡаӡеит, уи ашьҭахь мышқәак рнаҩсан дҭахеит", — ҳәа иҳәеит Арџьениа.

Аибашьра цонаҵы ашьапылампыл асыҩцәеи иареи еибабон, аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рацәаҩуп. Аибашьра ашьҭахь Енвер Арџьениа ателехәаԥшрахьы аусураз дгьежьит.

"Аибашьра ашьҭахь, мызқәак ҵуазар ҟаларын Ӡук Бениа раԥхьатәи зых иақәиҭу ақәԥараз атурнир еиҿикааит Аҟәа. Ачемпионат ахәыҷқәа рацәаҩын иалахәын, рышәҵатәы ршьаҵатәы уҳәа рыла еиқәшәамызт, аха имҩаԥысит ҳаракыла. Убри анҵамҭа сгәаҵаҿ иаанхеит, иахәаԥшыз ауаа агәра ргеит амилаҭ шеиқәхаз, амилаҭ ԥхьаҟа ишцо", ҳәа ациҵеит иара.

"Адауаԥшьқәа" рыхәмарра

Аԥсуа телехәаԥшраҟны ихацаркын аспорт жәабжьқәа рымҩаԥгара.

"Аибашьра ашьҭахь аҟазара дуӡӡак ыҟамзаргьы ақыҭақәа рҟынтә ашьапылампыл асраз Аԥсны ачемпионат иалахәын ашьапылампыл акомандақәа, исгәалашәоит ақыҭақәа ркомандақәа шалахәызгьы Лыхаа, Дәрыԥшьаа, Кәтолаа, Оҭҳараа. Аспорт қәхьааганы ихәмаруан", — ҳәа иҳәеит Арџьениа.

Лафшақә иҟоу ахҭысқәа

Ателехәаԥшраҿы аспорт ахҳәаа аҟаҵараан еиуеиԥшым ахҭысқәа ҟалалоит, дара аамҭа цацыԥхьаӡа алаф ахь ииаргоит.

"Ашьха ҳаҟан ҳалбааит, Аҷандараҟа ҳахәнеит, асааҭ акы-ҩба ыҟан, ахәылбаҽха ахәмарра ыҟан. Убри аҽны Џьеиҳан Џьниа Ҭырқәтәылантә Аԥсныҟа дааит, Ачандараа ачара ду ҟарҵеит. Ҳоператор Анзор Кәарҷиеи сареи акрыфара ҳтәеит, Аҷандаратәи аҩы маҷк иҳакәнакит. Ахәмарра маҷк шагыз Виктор Џьениа-Абаза ҳааигеит астадион ахь. Ахәмарра алагаанӡа аӡбаҩцәа рыҟны ихәмаруа рсиа угароуп, сҩыза Оҭар Лакрба зегьы сзеиҿикааит, ак шсыхьыз аҟара дырны. Акомментаторцәа руада сагьыҩналеит ахәмарра иалагеит. Иҟалалон убас, аоператор Анзор Кәарҷелиа аҭыхрақәа ихашҭны, акамера ааныжьны аԥара далагон, хара ҳкоманда амба ампыл анҭадыршәлак", — ҳәа игәалаиршәоит иара.

Ахәмарра убысҟак ибзианы имҩаԥызгеит, иҳәоит Арџьениа, сара схаҭа уамашәа избеит. Аҷандараа рҩы сыцхрааит, ҳәа алаф нацҵаны.

"Насгьы иҟалалон ахәмарра анцоз аиҭагара санақәымшәоз, иакәымкәа акы анысҳәоз, лафшақә иугәалашәаша ахҭысқәа рацәаӡоуп", — ҳәа ациҵеит Енвер Арџьениа.

30 шықәса иреиҳауп ажурналистика инапы алакуижьҭеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсни Урыстәылеи ажурналистцәа рхеидкыла алахәыла, "Агәымшәаразы" амедали, "Ахьӡ- аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Енвер Арџьениа. Иара дреиуоуп ашьапылампыл ахәмарразы Аԥсны раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩы. Иара ижурналистикатә ԥышәаҟны ихадаратәу аҭыԥ ааннакылоит аспорт жәабжьқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0