Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апрокуратура хада Иапончик ишьразы ахара здырҵо иҿахәы иҿнахит

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Анапаҵаҩра
2020 шықәса абҵарамзазы Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәылантәи ацхырааразы азыҳәа азаарышьҭит "Иапончик" ҳәа хьыӡшьарас измаз аӷьыч Виачеслав Иваньков иус аганахьала.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсны апрокуратура хадаҿы Виачеслав Иваньков "Иапончик" ишьразы ахара зхароу ҳәа иԥхьаӡоу Нугзар Папаа иҿахәы иҿырхит ҳәа Sputnik Аԥсны иҟанаҵаз азыҳәа аҭак ҟарҵеит аусбарҭаҿы.
Оглашение приговора по делу об убийстве В. Иванькова (Япончика) - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Аԥсны
Акриминалтә хыԥша змаз Иапончик ишьра аганахь ала аӡбамҭа рыдыркылеит
Аԥсны атәылауаа ҩыџьа, Нугзар Папааи Асҭамыр Быҭәбеи жәларбжьаратәи ашьҭазаара рымоуп Виачеслав Иваньков - "Иапончик" ишьра иалахәын ҳәа.
2020 шықәса абҵарамзазы Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәылантәи ацхырааразы азыҳәа азаарышьҭит "Иапончик" ҳәа хьыӡшьарас измаз аӷьыч Виачеслав Иваньков иус аганахьала.
Нугзар Папаа иара убасгьы заанаҵтәи еилацәажәарыла ацәгьоуцәа ргәыԥ далахәны атәым мазара аиуразы ауаҩы иӷьычра далахәуп ҳәа ахара идырҵоит. Абри аганахьала иара аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.

"Аԥсны апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭа азыҳәа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны апроцессуалтә уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит, хаҭала Аԥсны апрокуратура хадаҿы Виачеслав Иваньков "Иапончик" ишьразы ахара зхароу ҳәа иԥхьаӡоу Нугзар Зураб-иԥа Папаа иҿахәы иҿыхра. Абри аганахь ала аматериалқәа нашьҭуп азыҳәа ҟазҵаз Урыстәыла Апрокуратура хада ашҟа", - ҳәа аарыцҳауеит аусбарҭаҟынтә.

Асҭамыр Быҭәба ахара ихараҵоуп "Амра-банк" аофис-цҵа ақәылара далахәын ҳәагьы. Иара даанкылоуп.
Аусҭҵаара агәаанагарала, 2009 шықәса мшаԥымзазы, уаанӡа зус рыӡбахьаз Подмосковие инхо Илиа Симониа ацәгьоуратә еилазаараҿы аҭыԥ ҷыда ааникыларазы Иваньков ишьра еиҿикааит. Абри аус иадиԥхьалеит Газзаев, Шьаданиа, Џьанашьиа, Нугзар Папаа, Асҭамыр Быҭәба.
Симониа инапынҵала 2009 шықәса ԥхынгәы 28 рзы Газзаев, Џьанашьиа, Шьаданиа, Папаа, Быҭәба неит Москва, Хорошевское шоссе аҿы иҟоу ақьафурҭа "Тайский слон" ахь Иваньков ишьклаԥшразы. Иара убри аҽны Быҭәба "Газель" акузов аҟынтәи винтовкала Иваньков диеихсит. Ипончик иоуз ахәрақәа рҟынтәи жьҭаара 9 рзы иԥсҭазаара далҵит ахәшәтәырҭаҿы.
Симониа, Папаа, Быҭәба бналеит, жәларбжьаратәи рышьҭазаара рылаҳәан.
Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2021
Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәылантәи азыҳәа азаарышьҭит "Япончик" иус аганахь ала
Ажәабжьқәа зегьы
0