Женеватәи аиԥылараҿ Урыстәыла ажәалагала ЕАА "рхы иҭанагалеит" ҳәа азгәарҭоит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к переговорам США-РФ в Женеве
Подготовка к переговорам США-РФ в Женеве - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи ЕАА-и ажьырныҳәа 9-10 рзы Женева имҩаԥыргеит аконсультациақәа Москва ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа рзы иҟанаҵаз ажәалагалақәа рышьҭахь.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik. Женеватәи аиԥылараҿ Урыстәыла ЕАА ажәадгала "ахы иҭанагалеит" ҳәа азгәеиҭоит РИА Новости зыҿцәажәоз, аиҿцәажәарақәа ирзааигәаз ахаҿы.

"Женеватәи аиԥылараҿ Урыстәыла ЕАА ажәадгала "ахы иҭанагалеит" иарбанызаалак еилибамкаарак ҟамларц азы", - иҳәеит иара.

Убри аан иҳәеит НАТО аҽшамырҭбаауа азы Урыстәыла иаахҵәаны аҭак аиур шаҭаху, аха ЕАА Украина аганахьала ари азҵаара Киев ада алацәажәара шаҭахым.
Америкатәи адипломатцәа ирҳәеит Женеватәи реилацәажәара аихшьаалақәа рнапхгара ишрызнарго, уи анаҩс ҩыралатәи аформала аҭак Урыстәыла ишазаашьҭхо.
Переговоры Россия–США по гарантиям безопасности в Женеве - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Риабков: Урыстәыла Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ишалахәымхо азы ахәдықәҵарақәа аҭахуп
Урыстәылеи ЕАА-и ажьырныҳәа 9-10 рзы Женева имҩаԥыргеит аконсультациақәа Москва ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа рзы иҟанаҵаз ажәалагалақәа рышьҭахь. Анаҩс Бриуссель имҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла – НАТО рхеилак аилатәара.
2021-тәи ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0