Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәс арбагақәа: 2021 шықәса ахыԥхьаӡарақәа рыла

Анапаҵаҩра
Ииасыз 2021 ашықәс арбагақәа Sputnik Аԥсны аинфографикаҿы.
2021 шықәсазы ииз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәит 2020 шықәса иаҿырԥшны. Аԥсны аиустициа аминистрра адыррақәа рыла, 2020 шықәсазы ииз 1400-ҩык ахәыҷқәа, 2021 шықәса абҵарамзанӡа атәылаҟны иит 1000-ҩык ахәыҷқәа.
2021 шықәсазы рыԥсҭазаара иалҵит 1300-ҩык инареиҳаны атәылауаа, урҭ рахьтә 500-ҩык аҿкы иахҟьаны. Акоронавирус рыдбалоуп 29 нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра.
Иҳаҩсыз ашықәс азы рыԥсҭазаарақәа еиларҵеит 450-ҩык, еилыҵит 80-ҩык.
Аԥсны аекономика 2020 шықәса иаҿырԥшны акырӡа еизҳаит. Ажьырныҳәа инаркны абҵарамзанӡа абиуџьет 101,8 % рыла инагӡан. Зынӡа иахыԥхьаӡалан 5 миллирадк инеиҳаны ахатә хашәалақәа. Ари аамҭа иалагӡаны 2020 шықәсазы абиуџьет иахыԥхьаӡалан 2 млрд 400 млн мааҭ ахатә хашәалақәа.
Атуризм арбагақәа рыла аизҳара шыҟалаз умбарц залшом. Сынтәа Аԥсны иаҭааит 1,5 миллионҩык атуристцәа. Урҭ рахьтә Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 712 500-ҩык аԥсшьаҩцәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 427 нызқьҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0