https://sputnik-abkhazia.info/20220113/ashys-arbagaa-2021-shysa-akhykhaaraa-ryla-1037129784.html
Ашықәс арбагақәа: 2021 шықәса ахыԥхьаӡарақәа рыла
Ашықәс арбагақәа: 2021 шықәса ахыԥхьаӡарақәа рыла
Sputnik Аҧсны
Ииасыз 2021 ашықәс арбагақәа Sputnik Аԥсны аинфографикаҿы. 13.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-13T13:43+0300
2022-01-13T13:43+0300
2022-01-13T13:43+0300
аԥсны
аинфографика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/0d/1037136360_0:117:1720:1085_1920x0_80_0_0_c1fd2e73d4f9b5ea96a520852d6ce816.png
2021 шықәсазы ииз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәит 2020 шықәса иаҿырԥшны. Аԥсны аиустициа аминистрра адыррақәа рыла, 2020 шықәсазы ииз 1400-ҩык ахәыҷқәа, 2021 шықәса абҵарамзанӡа атәылаҟны иит 1000-ҩык ахәыҷқәа.2021 шықәсазы рыԥсҭазаара иалҵит 1300-ҩык инареиҳаны атәылауаа, урҭ рахьтә 500-ҩык аҿкы иахҟьаны. Акоронавирус рыдбалоуп 29 нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра.Иҳаҩсыз ашықәс азы рыԥсҭазаарақәа еиларҵеит 450-ҩык, еилыҵит 80-ҩык.Аԥсны аекономика 2020 шықәса иаҿырԥшны акырӡа еизҳаит. Ажьырныҳәа инаркны абҵарамзанӡа абиуџьет 101,8 % рыла инагӡан. Зынӡа иахыԥхьаӡалан 5 миллирадк инеиҳаны ахатә хашәалақәа. Ари аамҭа иалагӡаны 2020 шықәсазы абиуџьет иахыԥхьаӡалан 2 млрд 400 млн мааҭ ахатә хашәалақәа.Атуризм арбагақәа рыла аизҳара шыҟалаз умбарц залшом. Сынтәа Аԥсны иаҭааит 1,5 миллионҩык атуристцәа. Урҭ рахьтә Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 712 500-ҩык аԥсшьаҩцәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 427 нызқьҩык.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/0d/1037136360_60:0:1660:1200_1920x0_80_0_0_db8e890256b7a4d8cd0e89e1d15b66bd.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аинфографика, инфографика
аинфографика, инфографика
Ашықәс арбагақәа: 2021 шықәса ахыԥхьаӡарақәа рыла
Ииасыз 2021 ашықәс арбагақәа Sputnik Аԥсны аинфографикаҿы.
2021 шықәсазы ииз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәит 2020 шықәса иаҿырԥшны. Аԥсны аиустициа аминистрра адыррақәа рыла, 2020 шықәсазы ииз 1400-ҩык ахәыҷқәа, 2021 шықәса абҵарамзанӡа атәылаҟны иит 1000-ҩык ахәыҷқәа.
2021 шықәсазы рыԥсҭазаара иалҵит 1300-ҩык инареиҳаны атәылауаа, урҭ рахьтә 500-ҩык аҿкы иахҟьаны. Акоронавирус рыдбалоуп 29 нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра.
Иҳаҩсыз ашықәс азы рыԥсҭазаарақәа еиларҵеит 450-ҩык, еилыҵит 80-ҩык.
Аԥсны аекономика 2020 шықәса иаҿырԥшны акырӡа еизҳаит. Ажьырныҳәа инаркны абҵарамзанӡа абиуџьет 101,8 % рыла инагӡан. Зынӡа иахыԥхьаӡалан 5 миллирадк инеиҳаны ахатә хашәалақәа. Ари аамҭа иалагӡаны 2020 шықәсазы абиуџьет иахыԥхьаӡалан 2 млрд 400 млн мааҭ ахатә хашәалақәа.
Атуризм арбагақәа рыла аизҳара шыҟалаз умбарц залшом. Сынтәа Аԥсны иаҭааит 1,5 миллионҩык атуристцәа. Урҭ рахьтә Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 712 500-ҩык аԥсшьаҩцәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 427 нызқьҩык.