Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аеколог хада аԥсуа-аурыс ԥсабаратә резерват алахьынҵа далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЮпсарский каньон.
Юпсарский каньон.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны аԥсуа-аурыс ԥсабаратә резерват "Кавказтәи ареликт" иалацәажәеит 2015 шықәсазы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 13- Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа-аурыс ԥсабаратә резерват "Кавказтәи ареликт" аԥҵаразы апроект аус адулоуп, аха аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра ыҟам аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекологиаз Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, арезерват аԥҵара абиологиатәи аландшафттәи хкырацәара аиқәырхаразы, аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ашьклаԥшразы, ҩ-ганктәи аусеицура арҭбааразы алшарақәа ҳнаҭоит.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк официалла ҷыдала ирыхьчо ҵакыроуп. Аха аеколог ишиҳәо ала, аԥсҭазаараҿы еснагь усеиԥш иҟам.

"Арезервати Кавказтәи абиосфератә ҳәырԥсарреи еиԥнуп. Аԥстәқәа рмиграциаан ганкы аҟынтә аҽа ганкахьы ииасуеит. Аҭыԥ аҿы иҳалшоит уи ашьклаԥшра, аекологиатә зинеилагарақәа мҩаԥысуоу имҩаԥымсуоу аилкааразы. Аиқәшаҳаҭра уи азы алшара ҭбаақәа ҳнаҭоит", - иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.

Атәыла аеколог хада иажәақәа рыла, абри азы имҩаԥгоуп иахәҭаны иҟоу урыстәылатәии аԥснытәии аҟазауаа рыбжьара аицәажәарақәа, аха аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны апроект анагӡара залмыршахеит.
"Сгәыӷуеит, аамҭа бзиак ҟалар аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩып ҳәа. Иахьазы уи ус ишьҭоуп", - иҳәеит иара.
2015 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи рыбжьара арезерват "Кавказтәи ареликт" аԥҵаразы аиқәшаҳаҭра". Арезерват иаҵанакуеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки Кавказтәи аҳәынҭқарратә ԥсабаратә биосфератә ҳәырԥсарреи.
Ажәабжьқәа зегьы
0