Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахаҭарнакцәа Аҟәа иааны иҟоуп

© Foto / Министерство Иностранных дел РАГлава МИД Абхазии Инал Ардзинба провел встречу с Председателем Федерации Абхазских культурных центров в Турции Муратом Махария
Глава МИД Абхазии Инал Ардзинба провел встречу с Председателем Федерации Абхазских культурных центров в Турции Муратом Махария - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсныфед иалоуп Ҭырқәтәыла ахьынӡанаӡааӡо иҟоу уааԥсырала 10 000-ҩык злоу аԥсуа культуратә центрқәа 17.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариеи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиԥылара, абри атәы аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа асаит.
Аицәажәараан Мураҭ Махариа Инал Арӡынба изеиҭеиҳәеит Аԥсныфед аусушьа атәы, ҷыдала дазааҭгылеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора реибардырреи реидкылареи азы иҟарҵо атәы, иара убас Аԥсны уи арегион аҿы аӡбахә аларҵәараҿы инарыгӡо аусмҩаԥгатәқәа ртәы. Аганқәа ирылацәажәеит Афедерациеи Аԥсны аминистррақәеи аусбарҭақәеи русеицуразы иқәгылоу актуалтә зҵаарақәа.
Мураҭ Махариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Арепатриациа
"Иабдуцәа рыдгьыл дагәӡит": ҳџьынџьуаҩ Мураҭ Махариа иҭоурыхтә мҩа
Аиԥылара иалахәыз зегьы инаҵшьны ирҳәеит Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыжәларқәа ргәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы дара ркультуреи рмилаҭтә дипломатиеи ахархәара шаҭаху.
Афедерациа ахаҭарнакцәа аҳәара ҟарҵеит аԥсуа диаспора ахьеиланхо аҭыԥқәа рҿы аԥсуа бызшәа акурсқәа реиҿкаараҟны ацхыраара ҟарҵарц.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа аԥҵан 2010 шықәса рзы. Иара иалоуп Ҭырқәтәыла ахьынӡанаӡааӡо иҟоу уааԥсырала 10 000-ҩык злоу аԥсуа культуратә центрқәа 17.
Инал Ардзинба провел встречу с Полномочным Представителем Республики Абхазия в Турецкой Республике Ибрахимом Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2022
Аԥсны
Инал Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак дидикылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0