Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәеинраалак ишьҭнаԥааз апоет: Лиолиа Тәанԥҳа диижьҭеи 70 шықәса ҵит

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛиолиа Тванба
Лиолиа Тванба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аԥсуа поетесса, жәлары зегьы агимн ирзаҩызахаз ашәа "Аиааира" ажәақәа равтор Лиолиа Тәанԥҳа диижьҭеи 70 шықәса ҵит. "Лиолиа даара абаҩхатәра змаз поетын, дхәыцҩы дуун, заԥсуара азы згәы еибафоз ԥҳәызбан",- абас лыӡбахә иҳәоит апоет Анатоли Лагәлаа ианҵамҭаҿы.
Ҳаԥсуа поезиаҿы даарак ирацәаҩӡам апоетцәа уаанӡа зыхьӡ ҳаԥхьаҩцәа ԥыҭҩык ирдыруаз, аха иаалырҟьан жәеинраалак ала Аԥсны зегьы еицырдыруа иҟалахьоу арҿиаҩцәа. Убарҭ дреиуоуп заа зыԥсҭазаара иалҵыз, аха зҩымҭақәа иахьагьы зыжәлар ирзааигәоу, рҿахәы зҳәаз, есымша иҳацу Лиолиа Тәанԥҳа.
Владимир Занҭариа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2020
Арадио
Занҭариа Лиолиа Тәанԥҳа лпоезиа азы: цәаныррак, хьаак, гәҭыхак змам уԥылаӡом
Лиолиа даара абаҩхатәра змаз поетын, дхәыцҩы дуун, заԥсуара азы згәы еибафоз ԥҳәызбан… Ҳарҭ, лара лаҵкыс еиҵбацәаз, ҿыц аҩра иалагаз абиԥара даара дҳахӡыӡаауан, ҳажәеинраалақәа џьара журналк, газеҭк, акы ианны ианылбалак, даара дреигәырӷьон, ҳаԥшааны лгәаанагара ҳалҳәон, акыр ҳшылшаҭозгьы, ирыгуп ҳәа илыԥхьаӡоз даҩсӡомызт, иаартны иаҳлырбон, нас ҳаргьы урҭ аус рыдулара ҳацәаашьаӡомызт, еиҳагьы игәцараҳкуан…
Лиолиа лпоезиа зегь раԥхьа иргылан ишьҭызԥааз, поетк иаҳасабала зегьы деицырдыруа дҟазҵаз аибашьра аан илҩыз ажәеинраала "Аиааира" ауп. Ари ажәеинраала аибашьра иалиааит, иаразнакгьы ҳкомпозитор Кәасҭа Ченгелиа зда ыҟам ашәа алихит, цәгьала ибзиан еицырҳәеит иара иҩыза акомпозитор Тото Џьапуеи иареи. Усҟан, аамҭа шыцәгьазгьы, иаразнак Аԥсны зегьы ирылаҵәеит, еицырҳәеит, еицышьҭырхит. Аҭабиақәа рҿы иахьнеиуаз ирҳәон, аибашьцәеи дареи ахьеиԥылоз ицәырыргон, зехьынџьара иактуалтәын!
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛиолиа Тәанԥҳа
Лиолиа Тванба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Лиолиа Тәанԥҳа
Абар уи ус шакәу агәра узырго, Лиолиа аибашьра ашьҭахь иҭыҵыз лышәҟәы "Сышьҭа" аҿы лара лабиԥара иатәу, лҩыза апоет Владимир Занҭариа " Уи лпоезиа адоуҳамч еихсыӷьуам" захьӡу иаԥхьажәаҿы ишиҩуа:
Анна Ахматова Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аантәи ллирика ахылҟьа-ҿылҟьа џьбарақәа реиԥш ауп џьара-џьара ҳлымҳа ишҭаҩуа Лиолиа Тәанԥҳа 1992-1993 шш. рзы ҳажәлар зҭагылаз аҟазаареи аҟамзаареи рыдрама иазкны иаԥылҵаз ажәеинраалақәа ирхылҩуа афырхаҵаратә пафос ҿаца. Убасоуп ишеибарку апоетесса лгәеилашыреи лпатриоттә цәаҩеи еилыхха изныԥшуа алирикатә рҿиамҭа "Гәымсҭатәи ахацәа":
Иадыруеит Гәымсҭа уи ахҭысқәа,
Ҩ-мцак ицҳаражәҳәо ирыбжьаз.
Иадыруеит уи адыд мацәысқәа,
Цәҳәыроуп анаҩсан инхаз.
Уа игылоуп ихьамҵыз ахацәа,
Ашьхақәа ирхыҳәҳәо инхаз,
Ахацәа! Гәымсҭатәи ахацәа,
Ишеишеиуа мраҵас икаԥхаз…
Аибашьра ианналага, иҿаца-ҿацаӡа ажәеинраалақәа зыҩуаз ҳпоетцәа ирдыруан рыжәлар ргәы шышьҭыхтәыз, урҭ рхаҵара иазку аҩымҭақәа шаԥҵатәыз… Урҭ нас ахаҵарашәақәа рылырхуан ҳкомпозиторцәа, абџьар иаҩсуаз арҿиамҭақәа, абџьар аҟара ирыцхраауан, ргәы шьҭырхуан, ԥхьаҟа иргон!
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааГәли Кьычԥҳа Лиолиа аус лыцылуан Дырмит Гәлиа Иҩны-музеи аҟны
Лиолиа Тванба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Гәли Кьычԥҳа Лиолиа аус лыцылуан Дырмит Гәлиа Иҩны-музеи аҟны
Лиолиа аԥсуа-ақырҭуа еибашьра даара иӷәӷәаны илыцрасит, уаҟа хаҵарыла дҭахеит шәҩык аибашьцәа ирыԥсаз лашьазаҵә Аԥсны Афырхаҵа Завер Тәанба. Аха лара уи ахьаа лҽалымҭеит, даиааит, хаҵарыла еибашьуаз лыжәлар рхаҵара дазышәаҳәеит, рҿахәы лҳәеит. Иахьа абраҟа ишеибгоу иааҳгар ҳҭахуп, иахьауажәраанӡа автор лышәҟәқәа акгьы иагәыламшәацыз, акьыԥхь зымбац, ааигәа уи лаҳәшьа гәакьа апоет лархив дшалаз илыԥшааз, ажәеинраала "Идырым аҳаҭгәын."
Идырым, идырым,
Адыргақәа нҵәом.
Уарбан идырым,
Уҿымҭра сзыхгом.
Уарбан иҩашьаз,
Уарбан сашьа.
Сгәаҿоума уахьыршьыз,
Игәаҟуеит са сшьа.
Иабаҟоу утәыла,
Дабаҟоу уҭынха?
Уазгылон гәышԥыла,
Аԥсны алахьынҵа.
Аиаша уа уашьҭан,
Аиашаз уқәԥон.
Уажәақәа еиҭарҳәон,
Са сылаӷырӡ цон…
Идырым, идырым,
Адыргақәа нҵәом,
Уарбан идырым,
Уҿымҭра сзыхгом…
Сан уара уан лоуп,
Уаҳәшьа сара соуп.
Сашәақәа урылоуп,
Уфырхаҵоуп, уаԥсоуп!..
Аԥсны еицырдыруа ауаа: Ҷолариа Лиолиа Тәанԥҳа илызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Арадио
Аԥсны еицырдыруа ауаа: Ҷолариа Лиолиа Тәанԥҳа илызкны
Абраҟа сара исҭахуп апоет иаазыркьаҽу лнысымҩа шәсырдырырц:
Апоетесса Лиолиа Тәанԥҳа диит 1952 шықәса ажьырныҳәа 19 рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далахәылахеит 1997 шықәсазы. 1975 шықәсазы А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит. Уи ашьҭахь аусура далагеит аныҟәарақәеи аекскурсиақәеи Аҟәатәи рбиуро аҟны. Ашьҭахь атәылаҿацәҭҵааратә ареспубликатә библиотекаҿ аҟәша деиҳабын, Д.И.Гәлиа иҩны-музеи аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс дыҟан. Ахәыҷбаҳча "Иаирума" аҟны ааӡаҩын. Лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи аҩнусбарҭа №3 аҟны аус луан.
Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқәбеи лареи аҭаацәа ԥшӡа аԥырҵеит, ҩыџьа ахшара рааӡеит - аԥеи аԥҳаи.
Лиолиа Тәанԥҳа заа ажәеинраалақәа лыҩуа далагеит. Лҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Алашара", "Абаза", агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" рҟны. "Еҵәаџьаа", "Однажды в апреле", "…Памятник нам сыновей не заменит… ", "Ахаҵарашәа", "Ашамҭаз", "Аҵх алакәқәа", "Аҳақашәа", "Алахьынҵа", "Сышьҭа" уҳәа ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы дравторуп.
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛиолиа Тәанԥҳа
Лиолиа Тванба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Лиолиа Тәанԥҳа
Даара акраанагоит апоет изы уи ишьҭахь иааиуа арҿиаҩцәа иара ибаҩхатәра пату ду ақәҵаны аӡбахә анырҳәо, ианышьҭырхуа, ргәы аналадуу.
Абраҟа иаазгоит апоет Лиолиа Тәанԥҳа диижьҭеи 70 шықәса аҵра аҳаҭыраз апоет-академик Валентин Кәаӷәаниа ажурнал "Алашара" 1-тәи аномер иазирхиаз астатиа ахәҭа хәыҷык:
"XX ашәышықәса аҽеиҩшамҭеи ХХI ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуа аԥсуа поезиа иналукааша ахаҭарнакцәа ҳанрыхцәажәо, ухаҿы иааиуа ажәа сахьарк арҿиаҩцәа дреиуоуп аҳәатәы змаз, аҳәашьагьы иақәшәоз, аха згәыхәтәы изахьымӡаз апоет, апатриот цаҳәцаҳә, ауаҩы цқьа Лиолиа Сулҭан-иԥҳа Тәанба (1952–2006 шш.).
© Foto / из архива семьи Лели ТванбаБаграт Шьынқәба, Џьума Аҳәба, Иван Папасқьыр, Лиолиа Тәанба ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рԥылараан
Баграт Шинкуба, Джума Ахуба, Иван Папаскир, Леля Тванба на встрече с молодыми писателями - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Баграт Шьынқәба, Џьума Аҳәба, Иван Папасқьыр, Лиолиа Тәанба ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рԥылараан
Лиолиа Тәанԥҳа лпоезиа иахылҵуа ахәыцрақәеи ацәалашәарақәеи удыршанхоит, урҳәынҷоит ргәаартышьалеи реилыххаралеи – урҭ Аԥсны шәышықәсалатәи аҭоурых иарҿиаз, аԥсуа жәлар ирыцииз, иахьеи-уахеи ирыцу гәҭыхоуп, измырҭынчуа уазашәоуп. Убриаҟнытә лгәаҵа иҭылгаз лцәаҳәақәа – уааизар еснагь иуаҳауаз, иузгәакьоу ракәны иудукылоит. Убарҭ ируакуп ажәеинраала "Сшаҵәҟьоуп сара акалашәа":
Адунеи ду, адунеи –
Саркьалыхушәа геи-шьхеи,
Тәылак саҭәоушьеит иԥшӡоу,
Мчыкгьы суҭеит имаӡоу.
Ус доуҳала сеибаркуп,
Анасыԥ ахь сымҩа куп.
Сымҩа ылысхуеит сықәԥо,
Хаҳәи шьанҵеи еибарго.
Сыхәра иацуп сыхәрашәа,
Сыхра иацуп сыхрашәа.
Сира иацуп сгарашәа…
Сшаҵәҟьоуп сара акалашәа!
Апоет дызлиааз асовет аамҭа, аԥсуаа реиԥш иҟаз амилаҭ маҷқәа рзыҳәан, аҽалагӡара акыр имариамызт, ҟыбаӡыба рыгмызт ажәлар – иааиԥмырҟьаӡакәа аполитика ԥаршеи хаха иаҿагылатәын, рхеиқәырхара иазықәԥалар акәын зегь раԥхьаӡагьы. Ари амҩаҿы аҭагәҭасрақәеи аԥынгылақәеи рацәан. Лыԥсадгьыл Аԥсынреи лыжәлари рахь илымаз абзиабара ԥшьа азышәаҳәара, лмилаҭ рԥеиԥш лаша азыгәышьра – абарҭ роуп лсахьаркыратә ажәа зҵаара хадас ишьҭнахуа, насгьы лара адунеи лықәзаара иамаз аҵакы."
© Foto / из архива семьи ТванбаБаслахәтәи абжьаратә школ ашҭаҟны Лиолиа Тәанба аҵла еиҭалҳауеит. Март.1988 шықәсазы.
Леля Тванба сажает дерево во дворе Баслахуской средней школы. Март 1988 год. - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Баслахәтәи абжьаратә школ ашҭаҟны Лиолиа Тәанба аҵла еиҭалҳауеит. Март.1988 шықәсазы.
Иарбан аамҭазаалакгьы иациуеит апоетцәа, иара аамҭа иагьа ауадаҩрақәа ирҭагылазаргьы, аҿахәы зҳәо, ажәлар рхы-ргәаҿы иаанхаша ахаҵара ҟазҵаз ауаа рыхьӡ аиқәырхареи, ашьҭыхреи, абиԥарацыԥхьаӡа гәадурыла иргәаладыршәалартә ааныжьра хьтәы баҟак еиԥш… Урҭ ирхылҵуеит лашарк, дара аныҟам аамҭазгьы рыжәлар ихааӡа ирықәыԥхо, иарԥхо, ирымбаӡакәа амҵәыжәҩақәа рызҭо, ргәырҩақәа ирылызго, рхьаақәа рхазыршҭуа, ахаҵареи агәымшәареи, ахьӡи ахьымӡӷи, аԥшӡареи абзиабареи, ҳбызшәеи уи адоуҳамчи есымша ирхылаԥшуа акы акәны…
© Foto / из архива семьи ТванбаАдраматә кружок актиорцәа Римма Зыхәба, Лиолиа Тәанба, Етери Адлеиба, Нуца Аҩӡба, Марина Тәанба. Аҟәа 1976 ш.
Актеры драматического кружка Римма Зухуба, Леля Тванба, Этери Адлейба, Нуца Авидзба, Марина Тванба. Сухум 1976 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Адраматә кружок актиорцәа Римма Зыхәба, Лиолиа Тәанба, Етери Адлеиба, Нуца Аҩӡба, Марина Тәанба. Аҟәа 1976 ш.
Ҳара зегьы иаҳҭахыз Лиолиа лҭаацәа бзиеи, лаԥхьаҩцәеи, лҩызцәа гәакьақәеи рыгәҭа дрылагыланы иахьатәи лиубилеи ԥшӡа даԥылар акәын… Аха ус апоет лахьынҵас илимҭагәышьазаргьы, уи уаҵәтәи абиԥара ирзынлыжьит гәадурыла еихышәшәо изыԥхьалаша арҿиамҭақәа!.. Иҟалап уи апоет изы ԥсҭазаара дук аҵкыс зҵазкуа лахьынҵа бзиазаргьы!
© Foto / из архива семьи ТванбаЛеля Тванба на годовщине свадьбы Виктора Джения и Софы Агумаа.
Леля Тванба на годовщине свадьбы Виктора Джения и Софы  Агумаа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Леля Тванба на годовщине свадьбы Виктора Джения и Софы Агумаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0