Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны омикрон-штамм захьыз ҳәа аӡәгьы ашәҟәы иҭагалаӡам

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраXIV Евразийский экономический форум в Вероне
XIV Евразийский экономический форум в Вероне - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2022
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аштамм ҿыц "омикрон" раԥхьатәи ахҭыс ашәҟәы иҭагалан абҵарамза 2021 шықәсазы, иара ирлас ирылаҵәоит, "дельта" аасҭа иацу ашәараҭара маҷуп, авирусологцәа аӡәырҩы ОРВИ ачымазара еиԥшныршьалоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсны омикрон-штамм захьыз ҳәа аӡәгьы ашәҟәы иҭагалаӡам, абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит Аԥсны асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик аԥыза-министр Александр Анқәаби лареи реиԥылараҿы, ахәаша ажьырныҳәа 21 рзы.
Ҳтәылаҿы иахьазы омикрон зыхьхьоу ҳәа аӡәгьы дшьақәырӷәӷәам, ҳәа Анқәаб иалҳәеит Скорик.
Вакцинация препаратом Sputnik V в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Аԥсны
Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит жәафнызқьҩык инареиҳаны
Аԥсны асанитар ҳақьым хада аепидҭагылазаашьа уадаҩуп, аха иҭышәынтәалоуп ҳәа ахылҳәааит. Лара ажәалагала ҟалҵеит ауаажәларратә крыфарҭақәеи, акультуратәи аспорттәи рхыбрақәа рганахьала иалагалоу аԥкрақәа маҷк ирԥсыҽзарц.
Абиуџьеттә усбарҭақәа русзуҩцәа, алаҵаҟаҵара иахымсыз рганахьала аԥкрақәа алагалазар ахәҭоуп ҳәа лыԥхьаӡоит Скорик.
Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит жәафнызқьҩык инареиҳаны, аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 40 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0