Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи Санкт-Петербург аконцерт мҩаԥыргоит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Санкт-Петербург
Города России. Санкт-Петербург - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ауарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиеи Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа асолистка Кристина Ешԥҳаи рконцерт мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 25 азы Санкт-Петербург, аԥшьацәа Пиотри Павели ревангел-лиутерантә анемецтә уахәамаҿы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Пиотри Павели ревангел-лиутерантә анемецтә уахәамаҿы аконцерт апрограмма XIX-XX ашәышықәса иатәу афранцыз композиторцәа рмузыка ала ишьақәгылоуп, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Лука Гаделиа.
Гаделиа инаигӡоит ауарӷанарҳәаҩцәа Камиля Сен-Санс, Фернан де ла Томбель, Луи Пьерне рмузыка, Ешԥҳа – Габриель Форе, Жиуль Массне ркомпозициақәа.

"Арепертуар убриаҟара еиуеиԥшым, сгәы иаанагоит аинтереси агәаԥхареи аҵалап ҳәа. Иҟоуп иахьатәи ҳаамҭа иатәу амузыка аиԥш зеиԥшугьы. Имариоуп, иласуп", - ҳәа иҳәеит Гаделиа.

Артистцәа ари аҭыԥ аҿы раԥхьаӡа акәны иқәгылоит. Уи адагьы ажьырныҳәа 23 азы Питер, Аполитехникатә университет Азал шкәакәаҿы дара инарыгӡоит апрограмма "Ашәышқәсақәа ирылсны" –барокко инаркны XX ашәышықәсанӡа рҳәаа иҭагӡоу амузыка.
Артистцәа аконцертқәа мҩаԥыргахьеит Кисловодск, Ессентуки, Москва, Перм.
"Акультура аусхк аҟны иаԥҵоу аԥкрақәа хәарҭара рымам, аколлективқәа, артистцәа русура еиҵарҟьоит. Ҳара ҳзы асцена ԥсҭазаароуп, уеиднакылоит", - ҳәа азгәеиҭоит ауарӷанарҳәаҩ.
Амузыкантцәа руснагӡатә аҟны иарбоуп Москва, аԥшьацәа Пиотри Павли руахәамаҿы Сергеи Поспелов напхгара зиҭо акамертә оркестр ацықәгылара, жәабран 5 азы. Анаҩс артистцәа аконцерт мҩаԥыргараны иҟоуп Волгоградтәи афилармониаҿы.
Лука Гаделия - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны дықәгылоит
Ажәабжьқәа зегьы
0