Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абџьари анаркотикқәеи: Аԥсны ААР хә-шьауск хацнаркит

© Sputnik / Томас Тхайцук Машины милиции Абхазии
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иакьыԥхит иаанкылоу азинеилагаҩцәа ртәы зҳәо аоперативтә еихшьаала.
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Закәаншьаҭада абџьармцеи аџьаԥҳани раахәареи, рыҵәахреи, рныҟәгареи азы ашьаус хацыркуп Гәдоуҭа инхо Асҭамыр Гәынба иганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Ахаҵа даанкылан агәаҭарҭатә ҭыԥ "Маҷара". Амашьына анеимырдаауаз аамҭазы Гәынба имырхит закәаншьаҭада идырбалаз абџьари аџьаԥҳани.
Аекспертцәа иҟарҵаз алкаақәа рыла, Гәынба имхыз атапанча ПМ-СХ иԥсахны ирҿыцны иҟаҵан, ахысразгьы еиқәшәан.
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Аԥсны
Аԥсны Апрокуратура хада Иапончик ишьразы ахара здырҵо иҿахәы иҿнахит
Иара убас, иаанкылаз ахаҵа данеимырдаауаз имаз аџьаԥҳаны - ахыеиқәыршәа зыхҭалашәара 9 миллиметр иҟоу хатәгәаԥхарала ириҭеит. Гәынба даанкылоуп.
Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшаара аусзуҩцәа аҳҭнықалақь аҟны инхо Аслан Аџьапуа имырхит зхала еиҵало акарабин "Симонова" зыхҭалашәара 7,62 миллиметр иҟоу, адыргеи ианҭыжьыз ашықәси знымыз. Аџьапуа имхыз абџьар изакәанымкәан иаахәаны иныҟәигон.
Аџьапуа иганахь ала ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 217 ахәҭаҷ 1 ахәҭа инақәыршәаны.
Милиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР Гал иааныркылеит анаркотикатә матәашьар здырбалаз
Иара убас, Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭан инхо Дмитри Барцыц имхын иҵәахны имаз атапанчеи ахыеиқәыршәеи.
Барцыц даанкылан Гагра. Аекспертцәа ишьақәдыргылеит имырхыз атапанча ПМ-СХ иԥсахны ирҿыцны иҟаҵоу ахысраз ишеқәшәоу.
Барцыц даанкылоуп, иганахь ала ашьаус хацыркуп.
Тамшь ақыҭан даанкылан имхуп анаркотикатә маҭәашьар рацәаны издырбалаз Аҟәа инхо Саид Гадлиа.
Гадлиа изакәанымкәан иаахәан ицәахны иман 19 грамм анаркотикатә маҭәашьар каннабис, марихуана. Иара иганахь ала ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 223 ахәҭаҷ 2 ахәҭа инақәыршәаны, иара убас аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.
Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Аԥсны
Изакәаншьаҭадоу "Лирика" аиагараз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп
Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа Бзыԥҭатәи амилициа аусзуҩцәеи ашьаусҭҵаара аусзуҩцәеи дааныркылеит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо Алхас Ҳалуашь.
Ҳалуашь даанкылан ААИ агәаҭарҭатә ҭыԥ "Бзыԥ", данеимырдаауаз идырбалеит иагьимырхит анаркотикатә маҭәашьар рацәаны.
Иара ахара идырҵоит анаркотикатә маҭәашьар аҭира хықәкыс имамкәа изакәанымкәа аахәареи, аҵәахреи, амҩангареи рзы. Ҳалуашь иганахьала ашьаус хацыркны ддырбаандыҩит.
Ажәабжьқәа зегьы
0