Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

АКХ адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы агәыԥқәа даҽа 20-еи ҩ-партиаки ҭанаҩит

© Sputnik Прием документов ЦИК
Прием документов ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны алхратә комиссиа хада Жәлар Реизара адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло апартиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 инаркны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Ашәахьа ажьырныҳәа 24 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иҭанаҩит Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатразы акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа 20-еи ҩ-партиаки, абри атәы аанацҳауеит АКХ.
Аԥшьгаратә гәыԥқәа адепутатрахь анаҩстәи акандидатцәа ықәдыргылоит:
Кәарҷиа Кан Валери-иԥа алхратә ҭыԥ хада №9 аҿы (Мрагыларатәи),
Рекәаа Ҭемыр Реваз-иԥа алхратә ҭыԥ хада №7 аҿы (Абиблиотека),
Жьиба Дмитри Едуард-иԥа алхратә ҭыԥ хада округу №4 аҿы (Аҩадатәи),
Ичмелиан Артур Борис-иԥа алхратә ҭыԥ хада №23 аҿы (Гәымсҭатәи),
Кокаиа Гарри Гурам-иԥа алхратә ҭыԥ хада №31 аҿы (Кындыӷтәи),
Аршба Асҭамыр Борис-иԥа алхратә ҭыԥ хада №12 аҿы (Гагратәи),
Агәмаа Ерасҭ Рамзан-иԥа алхратә ҭыԥ хада №6 аҿы (Агәҭантәи),
Оксузиан Ашот Киркор-иԥа алхратә ҭыԥ хада №24 аҿы (Ԥшьаптәи),
Ахба Асҭамыр Иаков-иԥа алхратә ҭыԥ хада №19 аҿы (Гәдоуҭатәи аҩбатәи ақалақьтә),
Ҳагба Изольда Станислав-иԥҳа алхратә ҭыԥ хада №13 аҿы (Гагратәи ақалақьтә),
Ҷедиа Замир Автондил-иԥа алхратә ҭыԥ хада №16 аҿы (Дәрыԥшьтәи),
Џьопуа Батал Зураб-иԥа алхратә ҭыԥ хада №32 аҿы (Очамчыратәи),
Саӡба Инар Астик-иԥа алхратә ҭыԥ хада № 25 аҿы (Маҷаратәи),
Аҩӡба Алиас Витали-иԥа алхратә ҭыԥ хада № 20 аҿы (Аацынский),
Ҳагба Алхас Есмеҭ-иԥа алхратә ҭыԥ хада №19 аҿы (Гәдоуҭәатәи аҩбатәи ақалақьтә),
Лолуа Рауль Валери-иԥа алхратә ҭыԥ хада №6 аҿы (Агәантәи),
Аиба Баҭал Едуард-иԥа алхратә ҭыԥ хада №4 аҿы (Аҩадатәи),
Салаҟаиа Нарсоу Беслан-иԥа алхратә ҭыԥ хада №3 аҿы (Ажәытә ҳабла),
Жилинскаиа Елена Николаи-иԥҳа алхратә ҭыԥ хада №2 аҿы (Араион ҿыц),
Кәарҷиа Абесалом Алексеи-иԥа алхратә ҭыԥ хада №34 аҿы (Тҟәарчалтәи аҩбатәи).
Уи адагьы, ашәахьа иҭаҩын апартиақәа "Амцахара", "Аԥсны жәлар рпартиа".
Зынӡа иҭарыҩхьеит аԥшьгаратә гәыԥқәа 41, апартиақәа ԥшьбеи.
Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 21 инаркны жәабран 10 рҟынӡа.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0