Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа жәларбжьаратәи атурнирқәа рҵакы Аԥсназы: ҳхыԥша шьҭнахуеит

Кәарҷиа Жәларбжьаратәи атурнирқәа рҵакы Аԥсназы: ҳхыԥша шьҭнахуеит
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" еиԥш жәларбжьаратәи аицлабрақәа ҳтәылаҿы рымҩаԥгара аҵак ду аманы изыиԥхьаӡо.
"Аҵакы дууп, ҳәарада. Аолимпиада амҩаԥгаразы аҳәынҭқаррақәа еицлабуеит, избанзар, уи хьӡуп, ихыԥшоуп. Аԥсны иаҳа ирдыруа иҟалоит атәым жәлар, атәымуаа. Шықәсқәак раԥхьа Аԥсны имҩаԥгаз адамино азы ачемпионат ибзианы еиҿкаан, атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтә ирацәаны иааны иҟан, ашьапылампыл азы ачемпионатгьы ус. Аԥсуа бызшәеи, аԥсуа ҭоурых хәыҷыкм раҳаит, аԥсуа культура рбеит. Ашахмат сара ашколқәа рҿы маҭәарны ирҵо иҟасҵон, избанзар, уи ахәыҷы ихшыҩ арҵәуеит, адырра инаҭоит. Ҳара ҳабаҩ ҳарҵәуеит, аха убасҵәҟьа ухшыҩ урҵәлароуп. Атурнирқәа ицәыҵагәан иузымҩаԥгом, Афедерациа дуқәа ирымбар ауӡом, џьара ирымкьыԥхьыр ҟалаӡом. Ҳәарада, хҭыс бзиоуп, ус еиԥш шаҟа мҩаԥаҳго аҟара, ҳҳәынҭқарра хәыҷы макьана иазхарымҵозаргьы, ҳахԥша шьҭнахуеит", - еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0