Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Емырхәба ҩада Барӷьаԥи лада Барӷьаԥи еимаздо амҩа иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Емырхәба ҩада Барӷьаԥи лада Барӷьаԥи еимаздо амҩа иазкны
Анапаҵаҩра
Гал ҩ-қыҭак еимаздо амҩаду шыҟарҵо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба.
Гал араион аҿы инхо ауааԥсыра зегьы еиҳарак изыргәаҟуа амҩоуп ҳәа аиҿцәажәара хациркит Емырхәба. Ҩада Барӷьаԥ инаркны лада Барӷьаԥынӡа 10 километрак амҩа аҟаҵара азгәаҭоуп амҩатә фонд алшарала.
"Амҩатә фонд ахь иҟаҵаз аҳәарала аусурақәа хацыркын. Амшцәгьақәа иҟоу хәыҷык аусзуҩцәа еиҵанархоит. Ажәытә каҭран цҟьаны иқәыргеит. Ауаа амҩасра рылшартә еиԥш аамҭалатәи амҩа ҟаҵоуп. Анаҩс акаҭран ахаҭаҵәҟьа ықәырҵоит. Амҩа аганқәа рҿы аӡцарҭақәа алданы иҟаҵаны амҩа ҿыц ԥыҭк ауаа ирыхәартә еиԥш, ақыҭақәа еиднакылартә еиԥш аус амҩаԥгара азгәаҭоуп. Амҩа ԥҽны ианыҟаз аамҭазы лада Барӷьаԥынӡа уцозар, сааҭк амҩа уқәзар ауан, ишаҳҭаху амҩа ҟаҵахар, 15 минуҭ рыла унаӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Емырхәба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0