Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаараҿы аҷаҷа чымазара ахәшәтәразы апрограмма рыдыркылеит

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота центра амбулаторного диализа в Калининграде
Работа центра амбулаторного диализа в Калининграде - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2022
Анапаҵаҩра
Аҷаҷатә терапиа аԥсахразы ахықәкытә программа анагӡараз Аԥсны абиуџьет аҟынтәи 2022 шықәсазы иныххоит 50 миллион мааҭ.
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аминистрцәа реилазаараҿы 2022 шықәсазтәи ахықәкытә программа "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы атермалтә ҷаҷатә зымхара ахәшәтәреи аԥсахра аиҿкаара аиӷьтәреи" рыдыркылеит. Апрограмма анагӡараз Аԥсны абиуџьет аҟынтәи 2022 шықәсазы иныххоит 50 миллион мааҭ.
Апрограмма иазыԥхьагәанаҭоит агемодиализ процедурақәа рымҩаԥгараз аныхратә материал аахәареи аҵәахреи, ачымазцәа зегьы ахьӡынҵашәҟәы рҭагалареи. Иара хықәкысгьы иамоуп аҷаҷатә терапиа аԥсахра аиҿкаара, амедицинатә цхыраара аиӷьтәра, ачымазцәа рҭагылазаашьа аиӷьтәра.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит агемодиализ ахәԥса ахьыҳараку азы ачымазцәа рҽыхәшәтәра ауадаҩрақәа ареспубликаҿ ишактуалтәу. Амедусзуҩцәа разԥхьагәаҭарала агемодиализ зҭаху рхыԥхьаӡара иацлоит. Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу ачымазцәа азхьаԥшра ҷыда шырҭаху, ахәшәқәа роуразы ауадаҩрақәа шаԥыхтәу.
“Инҭкааны иҭышәҵаа, адыррагьы ҳашәҭа", - иҳәеит аԥыза-министр.
Апрограмма ареспубликатә биуџьет аҟынтә аԥаразоужьра аҭахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0