Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалахьеит аԥшьгаратә гәыԥқәа 78 адепутатразы акандидатцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукРегистрация кандидатов в президенты в ЦИК
Регистрация кандидатов в президенты в ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа хада аҟны жьырныҳәа 21 аахыс аԥшьгаратә гәыԥқәа 78 ашәҟәы иҭаргалахьеит Жәлар Реизарахь адепутатразы акандидатцәа.
Аԥшьаша ажьырныҳәа 27 азы Аԥсны АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалеит даҽа аԥшьгаратә гәыԥқәа быжьба адепутатразы акандидатцәа:
Рашьыда Аиба - 7-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Абиблиотека)
Хачик Такмазиан - 24 -тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Ԥшьаԥтәи)
Венори Бебиа -27-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Баслахәтәи)
Герман Каҷараа - 34-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Тҟәарчал аҩбатәи)
Ҭемыр Беиа - 11-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Бзыԥҭатәи)
Ахра Ԥачулиа - 21-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Афон Ҿыцтәи)
Валери Сыҷынаа - 15-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Оҭҳаратәи)
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 инаркны. Адепутарахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара мҩаԥыслоит жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа. Аԥсны алхратә комиссиа адыррақәа рыла ажьырныҳәа 27 азынӡа адепутатразы акандидатцәа ашәҟәы иҭаргалахьеит аԥшьгаратә гәыԥқәа 78 иара убас, аполитикатә партиақәа хәба.
Ажәабжьқәа зегьы
0