Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷелиаԥҳа алфавит арҵаразы аметодика ҿыц азы: иаҳҵандаз ҳәа агәаҳәара рызцәырнагароуп

Кәарҷелиаԥҳа алфавит арҵаразы аметодика ҿыц азы: иаҳҵандаз ҳәа агәаҳәара рызцәырнагароуп
Анапаҵаҩра
Аус адуланы иалырҵәоуп аԥсуа алфавит формат ҿыцла арҵара аус. Уи ҷыдарас иамоу атәы иаҳа инарҭбааны арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, аметодика ҿыц аԥҵаҩы, Аԥсны аҵареи абызшәатә политикие рзы аминитср ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
"Аметодика ҿыц азнагашьа изыдҳәалоу аҩбатәи акласс иаԥсыуам ашколқәа рыҟны арҵагатә шәҟәы аиқәыршәароуп. Иаԥсыуам ашколқәа рҿы иара ахатә ҷыдарақәа амоуп. Актәи акласс инаркны дара рхатәы бызшәы рҵоит. Аԥсуа алфавитгьы шьаҭас иамоуп аурыс графика, уи иаҳнаҭо рацәоуп, избанзар иармариоит, аамҭа кьаҿ иалагӡаны алфавит аҵара. Абызшәа арҵаратә методика азнагашьақәа зегьы рҽырыԥсахит. Аԥсуа бызшәа аметодика ихадоу, иҳасабны иҟоу, иахьатәи абиԥара ирышьашәалоу, ирнаалоу арҵагатә материалқәа реиқәыршәароуп. Уи даара сазхәыцит. Аԥсуа алфавит 64 нбан ахьыҟоу, иаҳа ирласны ирыдыркыларц, иаҳа ирлахҿыхны ирҵарцаз, ргәаҿы иаанхарцаз ишԥаҟаҵатәу. Ари тәым бызшәоуп, уи иаҳҵандаз ҳәа агәаҳәара рызцәырнагароуп, аинтерес рызцәырҵыртә еиԥш ахықәкы сҿаԥхьа иқәсыргәылеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0