Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 583-ҩык акоронавирус рыдбалоуп, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОперация на позвоночнике
Операция на позвоночнике - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 41458-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 35765-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 590-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 1107-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 583-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 57 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1956 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 72-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 53-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 23-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0