https://sputnik-abkhazia.info/20220129/raionk-asazaaraynt-gabilaia-ochamchyra-amshyn-ianu-ama-aagylazaasha-aty-1037344424.html
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габилаиа Очамчыра амшын иаԥну амҩа аҭагылазаашьа атәы
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габилаиа Очамчыра амшын иаԥну амҩа аҭагылазаашьа атәы
Sputnik Аҧсны
Очамчыра амшын иаԥну, аӡы иҵнаӡәӡәаауа амҩа иахьатәи аҭагылазаашьа, уи арҽеиразы хаҵгыларас иамоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ахада... 29.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-29T20:15+0300
2022-01-29T20:15+0300
2022-01-29T20:15+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/1d/1037344398_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_ec7c38b046c9afe87f0628d5830781ab.jpg
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габилаиа Очамчыра амшын иаԥну амҩа аҭагылазаашьа атәы
Sputnik Аҧсны
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габилаиа Очамчыра амшын иаԥну амҩа аҭагылазаашьа атәы
Очамчыратәи амшынтә баӷәазахь инеиуа амҩа аӡы иҵнаӡәӡәаауеит. Аӡкырҭақәа ргыламзар, амҩа бгоит, абаӷәазахь анеиразы алшара ҟалом ҳәа ашәарҭара ыҟоуп аҵыхәтәантәи аамҭазы."Ашәарҭара (аҿыбгара) амҩа ахықә аҟынӡа инеихьеит, аха макьана улеиҩеиртә иҟоуп, еиҭа џьара амшцәгьақәа ирхырҟьаны амшын цәқәырԥа шьҭыҵны ауадаҩрақәа цәырнамгар. Ари иахьакәӡам, акыршықәса ҵуеит хәыҷ-хәыҷы иҵнаӡәӡәаауеижьҭеи. Амшынтә баӷәазахь ицо уи амҩа ҩынтә еиҭаргахьеит, уажәтәигьы аамҭалашәа ҿыц иҟаҵоу ауп. Уа ашколгьы гылоуп, иара (аҿыбгара - азгәаҭа) шьҭа рацәак агым ашкол аҟынӡагьы инеирц. Амҽхак шыҟоу ала ус унадԥаланы иҟауҵо акәӡам. Шықәсқәак раԥхьа ақьаадқәа еиқәыршәаны иҟаҵан амҩа ашьақәыргыларазы, арӷәӷәаразы, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны изалымшеит. Хара имгакәа иӡбатәу усуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габилаиа.Аицәажәара инарҭбааны аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/1d/1037344398_95:0:2000:1429_1920x0_80_0_0_d38f23dcbfb0fe71ecbb3d656c629514.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габилаиа Очамчыра амшын иаԥну амҩа аҭагылазаашьа атәы
Очамчыра амшын иаԥну, аӡы иҵнаӡәӡәаауа амҩа иахьатәи аҭагылазаашьа, уи арҽеиразы хаҵгыларас иамоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Артемон Габилаиа.
Очамчыратәи амшынтә баӷәазахь инеиуа амҩа аӡы иҵнаӡәӡәаауеит. Аӡкырҭақәа ргыламзар, амҩа бгоит, абаӷәазахь анеиразы алшара ҟалом ҳәа ашәарҭара ыҟоуп аҵыхәтәантәи аамҭазы.
"Ашәарҭара (аҿыбгара) амҩа ахықә аҟынӡа инеихьеит, аха макьана улеиҩеиртә иҟоуп, еиҭа џьара амшцәгьақәа ирхырҟьаны амшын цәқәырԥа шьҭыҵны ауадаҩрақәа цәырнамгар. Ари иахьакәӡам, акыршықәса ҵуеит хәыҷ-хәыҷы иҵнаӡәӡәаауеижьҭеи. Амшынтә баӷәазахь ицо уи амҩа ҩынтә еиҭаргахьеит, уажәтәигьы аамҭалашәа ҿыц иҟаҵоу ауп. Уа ашколгьы гылоуп, иара (аҿыбгара - азгәаҭа) шьҭа рацәак агым ашкол аҟынӡагьы инеирц. Амҽхак шыҟоу ала ус унадԥаланы иҟауҵо акәӡам. Шықәсқәак раԥхьа ақьаадқәа еиқәыршәаны иҟаҵан амҩа ашьақәыргыларазы, арӷәӷәаразы, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны изалымшеит. Хара имгакәа иӡбатәу усуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габилаиа.
Аицәажәара инарҭбааны аудиофаил аҟны.