Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лыԥсҭазаара далҵит Фазиль Искандер ифонд адиректор Шьазина Агрԥҳа

© Sputnik Шазина Агрба
Шазина Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2022
Анапаҵаҩра
Шьазина Агрԥҳа Фазиль Искандер ифонди ҳаамҭазтәи аҟазара агалереиа "Шьазинеи" напхгара рылҭон.
АҞӘА, ажьырныҳәа 31– Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи афонд адиректор Шьазина Агрԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 64 шықәса дшырҭагылаз. Абри атәы Facebook аҿтәи рдаҟьаҿы ирҩит Москватәи аԥсуа диаспора.

"Шьазина Агрԥҳа иаалырҟьаны лыԥсҭазаара лалҵра ҳшьара ҳақәнарҟьеит. Адкылара уадаҩуп. Аҭаацәа гәалсра дула ҳрыдашшылоит. Ҳарҭ зегь ҳзы, аҭаацәа рзы, атәылазы ари зхарҭәаара уадаҩу цәыӡуп", - аҳәоит атекст.

Адиаспора Агрԥҳа лылшамҭақәа ртәы иазааҭгыло ирҳәоит, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рҟазара иалҭоз ацхыраараҿы, ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иҭынха аиқәырхараҿы.
"Иаамсҭашәаз, иаартыз, даара иҟәыӷаз, зус ҭакԥхықәрала бзиа ибаны иазнеиуаз уаҩын. Шьазина аӡәы диеиԥшымкәа лыхшыҩҵакқәеи лаԥшьгамҭақәеи урыдылхалон. Бзиа илбон Аԥсны, уи алахьынҵа лхьаан, дпатриотын, акультура аус азылуан", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Шьазина Агрԥҳа Фазиль Искандер ифонди ҳаамҭазтәи аҟазара агалереиа "Шьазинеи" напхгара рылҭон. Агалереиаҿы иӡырылгон Варвара Бубнова, Владимир Андреенков, Шавкат Абудсаламов, Рустам Хамдамов.
Агрԥҳа Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын.
Ажәабжьқәа зегьы
0