Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҳәԥҳа Урыстәылатәи ауниверситет аҭаларазы алԥшаарақәа ирызкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҳәԥҳа Урыстәылатәи ауниверситет аҭаларазы алԥшаарақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҵара усбарҭа аметодист Ельмира Аҳәԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, Гал араион абитуриентцәа рзы Москватәи атехникатә университет аҭаларазы алԥшаара шымҩаԥысуаз атәы.
"Ашколқәа зегы ирылаҳәан изҭаху алԥшаара рхы аладырхәырцаз, аха аҭаацәатә ҭагылазаашьеи рдокументқәеи ирыхҟьаны изҭахны иҟаз зегьы рхы рзаладмырхәит. Иааит х-ҩык. Ишахәҭаз еиԥш, онлаинла Урыстәылатәи ауниверситети ҳҵаҩцәеи аиҿцәажәара мҩаԥыргеит. Аматематика иазкны 25 зҵаара ыҟан, еиҳа еиҳаны азҵаарақәа рҭак ииашаны иҟазҵаз, аҵарахьы инаԥхьахоит. Макьана алҵшәақәа ртәы ҳаздырӡом. Ахәыҷқәа изларҳәо ала, азҵаарақәа усҟак ирцәауадаҩӡамызт, дара аҵараҿы иҿырԥшыгоуп азы. Абитуриентцәа рыхҩык иалырхыз азанааҭқәа еиуеиԥшым, аӡәы - аекономикатә факультет алылхит, егьы аҳасабтә еилыргара, даҽаӡәы - аҳазалхратә ус. Аҵаҩцәа рҟынтә ҩыџьа шәҟәыла еиқәшәоуп, ахԥатәи изҵаара макьана иӡбамкәа иаанхоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Аҳәԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0