Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Москва имҩаԥысит Аԥсны иаԥҵаз асахьақәа рцәыргақәҵа

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОмский педагогический университет
Омский педагогический университет - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2022
Анапаҵаҩра
Апроект аԥшьигеит зусумҭақәа Третиаков игаллереиеи Аурыс музеии рколлекциақәа рҿы иҟоу аурыс сахьаҭыхыҩ Владимир Опара.
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аурыс сахьаҭыхыҩцәа зсахьақәа Аԥсны иаԥҵаз рцәыргақәҵа мҩаԥысит ахатә рҿиара Москватәи аҩнаҟны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа асаит.
Ауснагӡатә аҿы иӡыргоуп 50 сахьа. Дара зегьы афовизм ҿыц астиль ала иҭыхуп. Апроект аԥшьигеит зусумҭақәа Третиаков игаллереиеи Аурыс музеии рколлекциақәа рҿы иҟоу аурыс сахьаҭыхыҩ Владимир Опара. Ацәыргақәҵа алахәылацәа дрыдныҳәалеит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Татиана Гәлиаԥҳа.
Ацәыргақәҵа аартраҿы иқәгылаз Опара иҳәеит, аусумҭа ҿыцқәа раԥҵаразы сынтәа рашәарамзеи жьҭаарамзеи рзы асахьаҭыхыҩцәа ицны Аԥсныҟа аара игәы ишҭоу.
"Абас ала, Аԥсны афовизм аиҭаира иалахәуп. Анаҩстәи ацәыргақәҵа абҵарамза ма ԥхынҷкәынмзазы ара Москва имҩаԥысраны иҟоу ахь, Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәагьы ааҳаԥхьоит", - ҳәа иҳәеит Опара.
Фовизм (абнеикқәа) – амодернисттә хырхарҭа франциатәи асахьаҭыхратә рҿиараҿы XIX - XX ашәышықәсақәа ирыҵаркуеит. Ари астиль иаҷыдароуп аформеи аҵакыреи, ахышәаҵышәеи асахьеи реиныршәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0