Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Мебониа: ЕгрыГЕС аусура ԥкхоит

© Sputnik Ингурская ГЭС
Ингурская ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 3 азтәи арбагақәа рыла Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 415, 50 метра иҟоуп, ишәарҭан ишьоуп– 425 метра.
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Џьуартәи аӡеизакырҭа алшарақәа нҵәеит, аҭагылазаашьа аҽамԥсахыр ЕгрыГЕС иааиԥмырҟьаӡакәа аус зауам ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ГЕС адиректор хада Леван Мебониа.
 Диспетчерская   Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Аԥсны
Аграфик акәу, аидара акәу: "Амшынеиқәафымцамч" аҿы алашара арцәара зыхҟьо иалацәажәеит
Мебониа иҳәеит аҭагылазаашьа зыхҟьо афымцамчхара ахархәара ахьаҳараку ауп ҳәа. Иара иажәақәа рыла, хара имгакәа ақәа леироуп ма ахархәараз аԥкхарақәа алагалахоит аҭагылазаашьа аиҭакразы.

"Хара имгакәа ақәа леироуп ма ахархәара ԥкхароуп аҭагылазаашьа аиҭакразы. Усеиԥш анакәымха ЕгрыГЕС уахи-ҽни инеиԥшьны аус азуам, аамҭа алкааны аус арулатәхоит. Иҟалап 5-8 сааҭ иаанкыланы, аӡы еизакны аусура иалаҳаргалар. Иҟалоит уахынла аус ауа, ҽынла иаанкылатәны иазаҳаԥхьаӡар", - иҳәеит иара.

Адиректор хада аинформациала 2020 шықәсазы ахы иархәан 2 млрд 520 млн кВт.ч, 2021 шықәсазы - 3 млрд.
"Ахархәара убриаҟара иацлоит, адеревациатә тоннель ашьақыргыларагь амыхәо. Аиҭашьақәыргылара ҟаҵамзар, 15-20 мшы раԥхьагьы асеиԥш ҳҭагылахьазаарын. Аахархәара ԥкхароуп ма аусура ԥкхароуп. Аҽа мҩак ыҟам", - иҳәеит Мебониа.
Мебониа иазгәеиҭеит, Мрагыларатәи атәыла ахәҭа ЕгрыГЕС шакәу лашарала еиқәзыршәо. Сааҭк аҩныҵҟа 170 мегаватт ахархәара амоуп.
Иҟоу аҭагылазаашьа аҽанеиҭанакуа атәы аҳәара уадаҩуп ҳәа иҳәоит Мебониа.
Плотина Ингур ГЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Аԥсны
Мебониа еиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС аус шауа атәы
"Жәабранмза агәы ма хәажәкырамза ԥхаррахар, ЕгрыГЕС иаҿаԥшьу лашарала реиқәыршәара ҳалшар ҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥхынҷкәын 21 аахыс Аԥсны аиҳарак алашара Урыстәылантәи иаиуеит. Арцәарақәа рыграфик аԥыхуп аидарақәа ирыхҟьаны аԥкырақәа рыда.
Уаанӡа "Амшынеиқәафымцамч" аҟны ирҳәеит абри арыцхә инаркны авольтҳарак цәаҳәақәа "Шешелети-1", "Шешелети-2" ЕгрыГЕСи ГЕС-1 рҟынтә алашара шырго. Очамчыра, Гәылрыԥшь, Гал араионқәа урҭ роуп лашарала еиқәзыршәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0