Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қапԥҳа аинтернат Урыстәылатәи ашәҟәқәа рыла реиқәыршәыразы: гәырӷьаҿҳәашак иаҳзаҩызахеит

Қапԥҳа аинтернат Урыстәылатәи ашәыҟәқәа рыла реиқәыршәыразы: гәырӷьаҿҳәашак иаҳзаҩызахеит
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ашкол-интернат аиҳабы Лариса Қапԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, Урыстәылатәи арҵагашәҟәқәа рыла реиқәыршәыра дара рзы ҵакыс иамоу атәы.
"Ахәыҷқәа рҵагашәҟәыла реиқәыршәара есышықәса ҳҿаԥхьа иус хаданы иқәгылаз ак акәын. Иуадаҩын аҭаацәа ирылхны ашәҟәы аахәара, мамзаргьы иҳамаӡамызт уи аус азы фондк азалхны. Исгәалашәоит, шықәсқәак раԥхьа 20-25 нызқьмааҭ рыхә Урыстәыла иҭрыжьуа ашәҟәқәа анаҳзаахәалак, уи гәырӷьаҿҳәашак иаҳзаҩызан, избанзар ҳҭагылазаашьа убри аҟынӡа иуадаҩын. Аҭаацәа агәырӷьара шырнаҭаз еиԥшҵәҟьа арҵаҩцәагьы еигәырӷьеит. Ахәыҷқәа уахи-ҽныи ара иҟоуп, урҭ ирыгу арҵаҩы ишибо дара ианрызгәамҭогьы ыҟоуп. Зықь цыра инарзынаԥшуа ашәҟәқәа цырцыруа ҳбиблиотекаҿы ишьҭоуп, класс-классла маҭәарла ашара ҳалагахьеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Қапԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0