Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥоу, ԥҳау" аилкааразы азгәаҭарақәеи агәаанагарақәеи

© Sputnik / Леон Адлейба Новорожденный ребенок
Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Анапаҵаҩра
Зыбаҩ зтәым илоуа дыҷкәыну дыӡӷабу аилкааразы зҿлымҳара зырҭоз азгәаҭарақәеи агәаанагарақәеи ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аҭаацәара рзы ахшара иира есымша игәырӷьара дууп, иҩнаҭа рӷәӷәагоуп. Асаби икьаасыбжь ахьыҩныҩуа аҩнаҭа насыԥ тәарҭоуп.
Аҿиара, аизҳара иахыҵхырҭоу аԥҳәыс лцәа ахшара даналашәалак, илцәыхьанҭоу аусқәа рыҟаҵара дацәырыхьчон, лаҳаҭыр рбон, лгәы ԥыржәомызт. Аԥсуаа жәаԥҟаны ирҳәоит: "Зцәа зтәым аԥҳәыс амаҭ лыцҳауам", "Зцәа зтәым аԥҳәыс аӡы дашьуам", "Зцәа зтәым аԥҳәыс ахаҳә дықәтәаргьы, иҟәымшәышәхоит".
Зцәа зтәым аԥҳәыс илыхӡыӡаауан, аԥсраҿы анеира иахьынӡалшоз дацәырыхьчон, избан акәзар аԥсы диҿаԥшыр, ахәыҷы иира уадаҩхоит ҳәа агәаанагара ыҟан.
Новорожденный ребенок  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2022
Аԥсны
Ауаҩы иира – ахшараиура мариахарц азы аԥсуаа имҩаԥыргоз ақьабзқәа
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Џьума Виссарион-иԥа Аҳәба "Аԥсҭазааразы, аҿиаразы" ҳәа хьӡыс измоу ипублицистикатә статиаҿы иҩуан: "Шаҟа угәы унархьуазеи, зцәа зтәым аԥҳәыс ашәы лшәны данубалак. Иашагәышьоуп, агәырҩа ду дақәшәеит, аха дрыцҳами лцәа иалоу асаби. Зцәа зтәым аԥҳәыс шаҟа лгәы ҭыганы дыҟоу, шаҟа дыччо, дыхәмаруа, шаҟа лгәы ԥылымжәо, убасҟак иираны иҟоу асаби хыла-хшыҩла, ҟазшьала ихәоит ҳәа иԥхьаӡоуп анаукаҿы. Убри азыҳәан акәын зцәа зтәымыз аԥҳәыс ашәы зылшәырымҵоз аԥсуаа ажәытәан".
Ахәыҷы раԥхьаӡа иԥсы шҭоу иан ианылирдыруа (данҵысуа), аԥҳәыс ишәҭуа аҵла, ма згәы аарту ауаҩы дихәаԥшыр бзиоуп. Аҩны дыҩнатәазар, аҭӡамц шкәакәа дахәаԥшуан. Уи иаанаго, иираны иҟоу ахәыҷы иԥсҭазаара уадаҩрада имҩасуеит ҳәа ауп.
Аԥсуаа зыбаҩ зтәым аԥҳәыс дзеилаҳаз лзааргон, дзыҳәаз лзыҟарҵон. Мап лцәызкыз, "аҳәынаԥқәа дырфоит", "иҩны аҳәынаԥқәа ихҭаркуеит" рҳәоит иахьа уажәраанӡагьы.
Новорожденный - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2020
Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак

"Ԥоу, ԥҳау" аилкааразы

Аԥҳәыс лҭагылазаашьеи лхымҩаԥгашьеи рыла лцәа иалоу ахәыҷы дыҷкәыну дыӡӷабу аилкаара зҿлымҳара арҭон. Лымза анааигәаха, ԥхыӡла агәыр, арахәыц, аҵкы, акасы, ахәдахаҵа, акьанџьа, дԥозшәа, дықәҵозшәа лбазар – аӡӷаб илтәын. Аҳәыҳә шкәакәа, ахы (азгә. - "пуля"), амаҭ, акәымжәы, абџьар – аҷкәын итәын.
Мгәарҭа иҭоу раԥхьаӡа армара аганахьала дҵысызар, диуеит аӡӷаб, арӷьарахь акәзар – аҷкәын. Зымза ааигәахаз дахьтәоу лшьапы аԥҳәыс, мамзаргьы аӡӷаб хәыҷы дахысыр ԥҳа длоуеит рҳәоит.
Зцәа зтәым илхылҵуа "ԥоу, ԥҳау" аилкааразы лыԥшӡара иазхьаԥшуан. Иҟоуп убри аҩыза агәаанагара, аԥҳәыс аԥҳа дылзыԥшызар, илыгхоит, лыхцәы акаԥсара иалагоит, лхаԥыцқәа ддыргәамҵлоит, аҩазақәа лҿалоит, "ан лыԥшӡара лгоит" ҳәа, аҷкәын диираны дыҟазар, аԥҳәыс дыҭҭәаауеит, "лыԥшӡара иацлоит".
Зцәа зтәым ланхәыԥҳа ԥхыӡла лыхцәы иазҳазшәа лбазар, аҭаца ԥа дизыԥшуп рҳәон.
Люлька - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2021
"Ан агара лырҵысуан": ахәыҷы игараҵара акәамаҵамақәак
Ахәыҷы данилак ашьҭахьгьы имаҷмызт ани ахәыҷи ирыдҳәаланы имҩаԥыргоз аусмҩаԥгатәқәа. Ҿыц ииз аԥшқа иааигәа иахьынӡауаз ауаа рацәа нарышьҭуамызт, амала уи зынӡа даҽа темахоит.
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара аҭан аҭ.ҭҵ.рк. С. А. Дбар лышәҟәы "Обычаи и обряды детского цикла у абхазов"/.
Ажәабжьқәа зегьы
0