Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Фҩык акоронавирус злаз апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукБольница в городе Ткуарчал после ремонта
Больница в городе Ткуарчал после ремонта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 48028-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 39512-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 615-ҩык.
АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 639-ҩык, урҭ рахьтә 442-а аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит фҩык апациентцәа: 47, 61, 66, 79, 35 шықәса зхыҵуаз ахацәеи 62 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 79-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 52-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 24-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ааҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 12-ҩык ачымазцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0