Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аԥсны АИХқәа алхрақәа обиективлеи ганк мацара иадымцәыло аарԥшра аҵакы ргәаладыршәеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Листок и ручка
Листок и ручка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы. 35-ҩык адепутатцәа ахьалырхуа иқәгылоуп 130-ҩык ркандидатурақәа.
АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг АИХқәа рнапхгаҩцәеи ажурналистцәеи зегь рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ажурналист етика иқәныҟәаны рхы мҩаԥыргарц Жәлар реизарахь алхрақәа раан.
"Атәылаҿы имҩаԥысраны иҟоуп иналукааша аполитикатә процесс – Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа ралхра. Алхра аламҭаз аҵак ду амоуп АИХқәа рҿы агитациаҟаҵара. Алхраԥхьатә дебатқәа рымҩаԥысшьа иаҿырԥшны еилкаахоит Апарламент уаҵәтәи аилазаарахь инеиуа рхаҿқәа, азакәанеиҿкаара инаваргыланы аполитикатә система зегьы аиҭакрақәа рымҩаԥгараз, иааиуа ахәышықәсазы аҳәынҭқарра ҭышәынтәаланы аҿиара алыршара", - ҳәа аҳәоит ааԥхьараҿы.
Ажурналистцәа Реидгыла АИХқәа рредакциақәеи ажурналистцәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аус зуа алхратә закәанԥҵареи АИХқәа рзы азакәани апрофессионалтә етика напхгагас иҟарҵарц, алхрақәа рылацәажәараан абарҭ апринципқәа ирықәныҟәаларц:
Жәлар Реизарахь адепутатцәа зегьы, рполитикатә гәаԥхара иахьмырԥшыкәа иеиҟароу аинформациатә лшара рыҭара;
алхратә тематика иазку аматериалқәа зегьы обиективла ишәаны-изаны, ганк иадымгылакәан акандидатцәа еизеиԥшны рызнеира;
акандидат ихьӡ-иԥша, иаҳаҭыр лазырҟәуа аинформациа аларҵәара алмыршара, амилаҭтәии адинхаҵаратәии зымычҳара иацхраауа акьыԥхьымҭақәа рцәырҵра алмыршара;
занааҭҩаӡарала, обиективла, инарҭбааны алхратә компаниа аӡыргара, дарбанызаалак атәылауаҩ иалхратә зин ихы иаирхәартә алшара иҭара;
агитациатә кьыԥхьымҭақәеи аинформациатә дыррақәеи рыбжьара аиԥшымзаарақәа разгәаҭара.
Жәабран 10 рзы иҟоу аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьгаратә гәыԥқәа 118, аполитикатә партиақәа хәба. Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхрақәа рымҩаԥгаразы амзартә уснагӡатә инақәыршәаны жәабран 10 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада (АКХ) адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭаҩра иалагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0