Адгьыл иазааигәахоит Еифель ибааш ԥшьынтә еиҳау астероид

© NASA . Goddard/University of ArizonaАстероид Бенну
Астероид Бенну - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2022
Анапаҵаҩра
Аҵарауаа астероид амч ашәарҭара аҵоуп ҳәа иҭырҵааит, аха адгьыли иареи ааихом.
АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Еифель ибааш ԥшьынтә еиҳау астероид адгьыл иазааигәаны имҩасуеит хәажәкырамза 4 азы ҳәа аанацҳауеит "Роскосмос" ахатәы Telegram-канал аҟны.
"Адгьыл иазааигәахоит акыр идуу астероид 138971 (2001 CB21). Акосмостә гәҭаӡа инықәырԥшны 1,3 км, иаҳҳәозар Еифель ибааш аасҭа ԥшьынтә еиҳаны. Астероид апланета иазааигәаны имҩасуеит хәажәкыра ԥшьба азы", - ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.
"Роскосмос" иара убасгьы иунарбоит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М. В. Келдыш ихьӡ зху ахархәаратә математика аинститут аусзуҩцәа Алтаи ателескоп ахархәарала иҟарҵаз анимациа.
Астероид адгьыл иазааигәахоит 4,8 миллион километр, ари абжьаӡара адгьыли амзеи ирыбжьоу жәантә еиҳауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0