Урыстәыла Украина еиқәнархарыма

© Sputnik / Максим БлиновВид на Кремль в Москве.
Вид на Кремль в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2022
Анапаҵаҩра
Украинеи киевтәи аиҳабыреи рлахьынҵа Урыстәыла аибашьра иалагараз иаалшо зегьы ҟазҵо Вашингтон ҭакс ианаҭо иадҳәалоуп, ҳәа лыҩуеит РИА Новости автор.
Ирина Алкснис, Sputnik азы жәларбжьаратәи ахҳәааҟаҵаҩ
Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу британиатәи иколлега Бен Уоллес даниԥылоз аамҭазы, Украина ААР аиҳабы Дмитри Кулеба иҳәеит Киев Москва дҵаны ишанаҭаз "Украина аҳәаа азааигәареи аамҭала иаанкылан ирымоу Ҟрыми рыҟны имҩаԥырго арратә уснагӡатәқәа зегьы хәҭа-хәҭала аилыркаара ҳарҭарц". Уи инаваргыланы иаразнак атәылақәа, ЕАА инадыркны Иапонианӡа ртәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵеит Украина иалҵырц.
Военные корабли ВМФ России во время Главного военно-морского парада по случаю Дня Военно-морского флота РФ в Кронштадте - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2022
Иарку Амшын еиқәа: Урыстәыла АМФ аманиоврқәа – шәарҭараӡам, игәҽанҵароуп
Ари зегь ҟалеит аполитикатә бжьгаҩцәа "нормандиатәи аформат" ала аԥшьаша Париж имҩаԥысыз реиқәшәара анынҵәа сааҭқәак рышьҭахь. Арҭ аиҿцәажәарақәа лыҵшәа дук роуам ҳәа ихәыцуаз иззыԥшыҵәҟьаз ҟалеит. Дара рлыҵшәақәа рыла Дмитри Козак Минсктәи аиқәшаҳаҭра аиԥҟьаразы аҭакԥхықәра рыдиҵеит Украинеи Мраҭашәара атәылақәеи. Иааидкылан, Урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ахәшьара џьбараны иаҭо иҳәеит, аимак аҭышәныртәалара меиҭаҵит, аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь иҵуа арҭ абыжьшықәса "хыҭҳәаан" ҳәа.

Козак еиҭеиҳәеит иџьашьахәу иҿырԥшыгоуи хҭыск: аиҿцәажәарақәа раан уи иалахәыз аделегациақәа "аконсультациа", "алацәажәара" ажәақәа рҵакы деилиркаарц Кембриџьтәи аилыркааратә жәар рымҵеиҵеит.

Иҟалаз уи ауп, иҳаҩсыз арҭ ашықәсқәа зегьы Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа аиҭахәаԥшразы идырххоит, уаҟа иану аиҭакразы рҽазыршәоит. Теориала - шьаҿа бзиоуп: азакәан азы ажәаԥҵа, иара аиуристтә нарҳәаарҳәра иазкуп, уи рхы иархәаны ашәҟәқәа рҿы аҿарԥақәа рыԥшаауеит, уи алагьы ирҭаху аҵакы арҭоит.
Третий Евразийский женский форум - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2021
Захарова Евроеидгыла ацхыраара анаҭоит Украина амилитаризациа ҳәа лҳәеит
Быжьшықәса раԥхьа 2015 шықәса жәабран 11 аҵх аҩшамҭа жәабран 12 рзы Минск ицон аиҿцәажәарақәа Ангела Меркели, Франсуа Олланди, Урыстәыла аганахьала зыҩаӡара ҳаракыз азиндырҩи злахәыз. Уи иабзоураны адокумент убыс еиқәыршәан, изакәызаалак ганкы узавамло. Даҽазныкгьы уи Козак ицәыригаз Кембриџьтәи ажәар ишьақәнарӷәӷәоит.
Аиԥылара алҵшәақәа ртәы иалахәыз зегьы хәшьара бзиак шарымҭазгьы, зынӡа илҵшәадан ҳәа узҳәаӡом. Аицәажәарақәа цон жәсааҭк.

Ӡбашьа змам абарҭ аиҿагыларақәа – жәсааҭктәи аиҿцәажәарақәа ицоз ирылҵшәаны ԥхьацарак ахьыҟам, царҭа змам атыгә аҟны инанагеит (еиҳа еиӷьуп иуҳәар, рхала рхы наргеит) украинатәи аиҳабыра. Хаҭала иуҳәозар, Кулеба и-"перфоманс" уи иагьышьақәнарӷәӷәоит.

Аӡәырҩы ирбарҭахо иалагеит иҟоу акризис азы Киев оумашәатәи ахымҩаԥгашьа. Украинатәи аиҳабыра "урыстәылатәи атәыла алалара" аплан зны мап ацәнакуеит, зны Москва ахара аднаҵоит иқәылоит ҳәа, зны аибарххарақәа хьнашьшьаауеит, зны иаартны аичырчара иалагоит. Убри аан аҳәааҟны иааџьоушьаратә иҭынчроуп, акыр аамҭа иҟамыз.
Бойцы Народной милиции ДНР на линии соприкосновения - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
ДЖәР аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина Арбџьармчқәа "ацәаҳәа ҟаԥшь" иахысыр, аҭак роуеит ҳәа
Арҭ оумашәа ибатәу ахымҩаԥгашьа иаҵоу хыхь иубарҭоуп. Аибашьра ду рзыфеидоуп Америкеи Британиа Дуи, урҭ (аекономикеи аҩнуҵҟатәи агеополитикеи рыҟны) ауадаҩра ӷәӷәақәа рымоуп. Урҭ рыӡбаразы изныкымкәан иԥыршәахьоу ахымҩаԥгашьа аадырԥшуеит - ахԥатәи аҳәынҭқарра аҭыӡшәа рылеибыхра. Абар 100-мш раахыс иаауа ажәабжьқәа ишьақәдырӷәӷәоит Америкеи Британиеи акагьы ахьыҟам арӷыӷкра ишаԥшьгаҩцәоу.
Дара рыда уаҳа аӡәгьы – Урыстәыла, Мраҭашәаратәи Европа, Украина аӡәгьы аибашьра ргәы иҭам.
Киев ахарџь иамоу анаҩс (аинвесторцәа атәыла иалҵны рцара еиԥш) аилаҳара азԥшуп, иара убас украинатәи ауаа лыԥшаахқәагь налаҵаны.
Атәыла зегь аҟны аԥсаҭатә иаҩызахаз ауаса иаҩызахеит ҳәа рыԥхьаӡоит англосаксцәа рыбжьара ицо аиқәԥара иалахаз. Аиашазы, урҭ рнапқәа шьаҳауп. Убри аҟнытә ԥшьымз раахыс иаҳбоит наҟ-ааҟ ишаҟьшаҟьо ибжьоу ауаа, дара ҭазырхо аокеаннхыҵтәи адҵақәа нарыгӡоит, иара уи аамҭан Урыстәылеи дареи ирыбжьоу аибарххара арԥсыҽра рҽазыршәоит, рхатәы интересқәа рыхьчоит, иааидкыланы рхы еиқәдырхоит.
Россия Путин Инвестиционный форум ВТБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2022
Путин: ЕАА-и НАТО-и ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа азинтә ҟазшьа рыманы иҟарҵарц алыршатәуп
Америкаа иаадырԥшуа аҽазҵәылхра уазхәыцуазар, ЕАА ртәылауаа Украина аанрыжьырц иҟарҵо ааԥхьарақәа налаҵаны, дара рыгәҭакы анаӡаразы зегьы иазхиоуп уҳәар алшоит.
Уажәшьҭа Украинеи украинатәи анапхгареи рлахьынҵа, Вашингтон иҟанаҵо ахырбгаларатәи, апровокациатәи, амцацраҵаратәи ашьаҿақәа рзы Урыстәыла иҟанаҵо аҭак иаӡбоит, дара рхеиқәырхаразы рыхьчаҩцәеи рпартниор еиҵбацәеи амца иақәырҵарц рылшоит.
Ихшыҩрҵагоу украинатәи аԥышәа зҽазҵәылхны агеополитикаҟны ЕАА адгылара азҭо егьырҭ асоветтә жәларқәа рзы иҿырԥшыганы иҟалар бзиан.
Ажәабжьқәа зегьы
0