Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳашба арадио Sputnik Аԥсны аусушьеи атематикеи ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳашба арадио Sputnik Аԥсны аусушьеи атематикеи иазкны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik Аԥсны иазыӡырҩуа Дамеи Ҳашба Арадио Адунеизегьтәи амш аҽны еиҭеиҳәеит иарбан дырраҭарақәоу аефир аҿы еиҳарак дзызҿлымҳау, иарбан темақәоу иаҳаларц ииҭаху, насгьы избан арадио Sputnik ацәқәырԥақәа рҿы еснагь дзыҟоу.
"Сусура иадҳәаланы амҩа хара санықәу, еснагь иаҿаскуеит Sputnik аҳауацәқәырԥақәа. Адырраҭарақәа зегьы рҟынтә иаҳа сгәы ззыбылуа ақыҭа иадҳәалоу, ажәытә аҵас-ақьабз, ҳандуцәа ҳабдуцәа аныҳәақәа ишырԥылоз. Дара ҳагхацыԥхьаӡа ҳаргьы ҳҵасқәа каҳажьуеит, ус аҟаҵара аҭахым, ҳаԥсуара иадҳәалан ҳаԥсҭазаара, уи ԥхьаҟа инагалатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Сгәы иахәоит ақыҭа иадҳәалоу атема, абжьгарақәа гәныскылоит, нас схаҿы иаанхоит. Иҟоуп атемақәа ԥсышәала рылацәажәара иуадаҩу, аха уи ҳамыхәаԥшкәа иаҳҳәалароуп, аполитика мацара ауаа ргәы еихьнашьуеит. Аԥсҭазаараҿы иҟоу егьырҭ аусқәагьы ирылацәажәатәуп. Аԥсабара атәы, ҿыц наплакык аатызар, анаплакҩы қәыԥш имҩа, дышԥазнеи уи аус, изыманшәалоума иахьа Аԥсны аҭагылазаашьа, абас еиԥш ажәабжьқәа ралаҳалар, ауаа ргәы еизҳалон, уск ҟарҵандаз ҳәа агәаҳәара рнаҭон", – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашба.
Арадиобзиабаҩ иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны хәыҷык аӡыргара аҭахны ишыҟоу. Машәырла иумаҳауазар, аԥшаара уадаҩуп иарбан цәқәырԥоу ҳәа азгәеиҭеит уи. Ақалақьқәа зегьы рҿы еиԥшым ацәқәырԥақәа, аӡыргарақәа кыдызҭгьы амҩақәа рҿы, ииасуа ибартә еиԥш, иаҳа шәзыӡырҩцәа еиҳахон ҳәа иҳәеит Ҳашба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0