Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Агрԥҳа Аҟәа араион аҿы ачымазараҿказы аҭагылазаашьа иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Агрԥҳа Аҟәа араион аҿы аҿкы чымазаразы аҭагылазаашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араионтә поликлиника аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Асида Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит шаҟаҩы ачымазцәа алкаау араион аҿы, иарбан ҳаблақәоу аҿкы еиҳарак аларҵәара ахьамоу.
"Араион аҿы аҭагылазаашьа макьана иуадаҩуп. Иахьазы сара исымоуп 163-ҩык ачымазаҩцәа. Аҩбатәи аҳақьым илымоуп 112-ҩык. Ачымазара хьанҭаны изхызго маҷҩуп. Ҭаацәаныла ичмазаҩхоит зегьы, аха 5-7 мшы рыла ирхыргоит. Аҭагылазаашьа зегь реиҳа иуадаҩуп Иашҭхәа ақыҭан, Баслаҭа, иара убас Аладатәи Ешыра. Амчыбжь иалагӡаны 73-ҩык ачымазаҩцәа сзацлеит сара заҵәык", - ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0