Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абынҳәа шыҩнатәхаз: аҳәаҵыс Карантинка Аҷандара ишынхо

Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан инхо Игорь Кәарҷелиа шықәсқәак раԥхьа ҩымз зхыҵуаз абынҳәа хәыҷы ааӡара игеит.
Аҷандара ақыҭан Кәарҷелиаа рҭаацәара ҩышықәса раԥхьа абынҳәа хәыҷы анырҵеит. Уи машәыршәа ашьхараҿ Игорь Кәарҷелиа иԥыхьашәеит. Иара агәыԥ иацәыхҟьан, ирыцҳахәха, цәгьала иагны абна ахала илан, ҩымз раҟара ахыҵуан. Игорь уи рыцҳаишьан, аҩныҟа иааигеит. Аҳәаҵыс Карантинка ҳәа ахьӡырҵеит, избанзар иара акоронавирус азы апандемиа анҵысыз ауп ианрыднагала.
Усҟан уи ҩ-кьылакгьы иреиҳамызт.
Аҷандара иахьнанагаз аҭаацәараҿы Карантинка ахылаԥшра бзиа аиуит, ишахәҭаз акраҿарҵеит, аԥсы ҭарҵеит, хазы аҭра азыҟарҵеит. Уажәы 45 кьыла иҟоуп, акрыфашьагьы бзиоуп. Бзиа иабоит ахш, ашәыр, ауҭраҭых, аџьрыцқәа. Ҽнак хынтә акраҿарҵоит. Иара аԥшәмацәа хара ирыдҵӡом, ашҭа, абаҳчаҿы инеиааиуеит алеиԥш.
Абынҳәа напыршьцыланы иҟоуп, аха атәымуаа усҟак бзиа иабаӡом. Убас, Sputnik акорреспондент асаараҟынтә акранаҿеиҵоз, игәра амгазт, ԥышәла игәышԥы иҭаст. Аха, анцәа иџьшьаны, иара акгьы имыхьӡеит.
Ари аҩыза абынҳәа аҩны абара мариам иҳәоит Игорь Кәарҷелиа. Агыгшәыг иҵегьы ахақәиҭреи азҿлымҳареи аҭахуп. Убри азы иара Аацы алымқәа рпарк ахь ирысҭарыма ҳәагьы зны-зынла данхәыцло ыҟоуп, амала уа ахылаԥшра бзиа арҭалар.
Абынҳәа Карантинка зну афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>> Аҳәаҵыс Карантинка: Аҷандара абынҳәа шырааӡо
Ажәабжьқәа зегьы
0