Аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь урыстәылатәи архәҭақәа рыхәҭак ргыларҭахь ихынҳәуеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к совместным учениям "Союзная решимость-2022"
Подготовка к совместным учениям Союзная решимость-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәамштәи урыстәыла-белоруссиатәи аҽазыҟаҵарақәа "Союзная решимость—2022" жәабран 20 азы ихыркәшахоит.
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа рыруаа урыстәыла-белоруссиатәи аҽазыҟаҵарақәа "Союзная решимость—2022" рышьҭахь рҭыԥ ахь ихынҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла атәылахьчара аминистрра хаҭарнак ҷыда Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа рыруаа рнапынҵақәа нагӡаны аихамҩатәии автомабилтәи транспорт ала иахьа рырратә гарнизонқәа рахь амҩа иқәлоит. Хаз игоу ҟәшақәак арратә еишьҭагылақәа ирылахәны шьапыла амҩа иқәлоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иахьа ицәырнагеит ари атехникеи аихамҩатә платформақәа рыла рықәҵра авидео-нҵамҭа кьаҿқәа. Иара убас акадрқәа рҿы иаарԥшуп ашьаҟауаа рмашьынақәеи зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәеи, ирҿыцу Т-72Б3 реишьҭагылақәеи.
Белоруссиа аҵакыраҿы иаанхоит ҟәшақәак.
Совместные учения России и Белоруссии Союзная решимость-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Шоигу Путин урыстәылатәи ар рҽазыҟаҵарақәа шцо атәы изеиҭеиҳәеит
Урыстәыла ахада Владимир Путин аминистрцәа Сергеи Лаврови Сергеи Шоигуи идикылеит, Урыстәылеи Белоруссиеи рырратә маниоврқәеа ашәарҭадара ахәдықәҵарақәеи рылацәажәаразы.
Жәабран 10 азы излагаз урыстәыла-белоруссиатәи аҽазыҟаҵарақәа "Союзная решимость—2022" жәабран 20 азы ихыркәшахоит.
Аҽазыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп адәныҟатәи агрессиеи атеррористцәа ржәылареи раԥырҟәҟәаара.
Аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшараан аиҿкааҩцәа арратә атташецәеи ажурналистцәеи нарыԥхьеит.
Урыстәылеи Белоруссиеи рҽазыҟаҵарақәа аӡәгьы иԥырхагам, аҽыхьчаратә ҟазшьа рымоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0