Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәдырӷәӷәеит Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы

© Sputnik / Томас Тхайцук Парламент РА
Парламент РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект шьақәырӷәӷәан Аминистрцәа реилазаараҿ ҵыԥх абҵара 30 рзы.
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәнарӷәӷәеит аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы жәабран 17 рзы имҩаԥысыз аилатәараан.
Ареспубликатә биуџьет алагалақәа рзеиԥш шәагаа шьақәырӷәӷәан 9 миллиардки 430 миллиони 558 нызқь мааҭи ҳәа, убри ахыԥхьаӡараҿы Урыстәылантәи иааз афинанстә цхыраара:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иазоурыжьыз 4 миллиардки 376 миллиони 513 нызқь мааҭ,
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәа рынагӡаразы 1 миллиардки 350 миллион мааҭи.
Иара убас ишьақәырӷәӷәан 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аныхымҭақәа зеиԥшла 9 миллиардки 984 миллиони 733 нызқь мааҭ. Ареспубликатә дефицит 2022 шықәса рзы ишьақәнаргылоит 554 миллиони 175 нызқь мааҭ.
Адокумент инақәыршәаны, ажьырныҳәа 1 2023 шықәса рзы акредитқәа рыла аҩнуҵҟатәи ареспубликатә уал узхыԥар алымшо иреиҳаӡоу аҳәаа наӡоит 578 миллион 970 нызқь мааҭ рҟынӡа, иара убас ажьырныҳәа 1 2023 шықәса рзы акредитқәа рыла адәныҟатәи ареспубликатә уал узхыԥар алымшо иреиҳаӡоу аҳәаа наӡоит 1 миллиардки 191 миллион 943 нызқь мааҭ рҟынӡа. Аҩнуҵҟатәи ареспубликатә уалԥсахра апрограмма 2022 шықәса рзы иартәоит 578 миллиони 970 нызқь мааҭ.
Продавец на рынке пересчитывает деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Аԥсны
Апарламент Аԥсны ибиуџьеттәым афондқәа быжьба 2022 шықәсазтәи рбиуџьетқәа аднакылеит
Ареспубликатә биуџьет апроект рыдыркылеит аԥсахрақәа алагаланы. Ахәҭаҷ "Амилаҭтә економика" иалхын 55 миллиони 500 нызқь мааҭи рыхә аныхтәқәа Гәдоуҭа араион аҿы аполимертә ӡымҩангагақәа ҭзыжьуа азауад аргылараан иҟалаз азарал архынҳәразы.
Иара убас Аԥсны Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аусура иазоужьыз 39 миллион мааҭ рҟынтәи 26 миллион рҟынӡа иагырхоуп.
Аиҭакрақәа иара убас иаларгалеит субсидиак аҳасабала абиуџьеттә ԥарақәа 100 миллион мааҭк "Амшынеиқәафымцамч" азоужьразы афымцамчԥхьаӡагақәа раахәареи рықәыргалареи азы, иара убас 50 миллион мааҭ дотациа ҳасабла азоужьразы Аԥсны афымцамч усхк ацхрааразы иаҭаху аматериалқәа рзы аҭаҵәахқәа рымазарц азы.
Апарламент иаӡбеит иныхымкәа инхаз абиуџьеттә хархәагақәа нашьҭызарц абарҭ ахырхарҭақәа рахь:
1,5 миллион мааҭ Аԥсны Жәлар Реизара аппарат ацҵаразы (аштаттә акқәа хԥа),
хә-миллион мааҭк Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат хада аныхымҭақәа рзы,
10 миллион мааҭк Аԥсны АҶА аныҟәгаразы аныхтәқәа рзы,
30 миллион мааҭ аздырхоит Ԥсоу аӡиас аҟәара арӷәӷәареи аӡышьҭра арыцқьареи азы,
8 миллион мааҭк рышьҭуеит Очамчыра араион аҿы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара ахьрырҭо аҭыԥ аиҿкааразы,
2,5 миллион мааҭ абиуџьет аҟынтәи ирырҭоит Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазара ареспубликатә центр аныҟәгаразы,
10 миллион мааҭк дотациа ҳасабла иазоурыжьуеит Тҟәарчал араион апарк аиҭашьақәыргыларазы,
10 миллион мааҭк Очамчыра араион иазоурыжьуеит субсидиа ҳасабла амҩақәа рышьҭаҵаразы,
3,5 миллион мааҭ абиуџьет аҟынтәи дотациа ҳасабла иазоурыжьуеит Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беслан Ӡыба ихьӡ зху апарк аԥҵаразы.
Ирықәшаҳаҭымхаӡеит абжьаратәии абизнес маҷи рыцхрааразы 50 миллион мааҭ азоужьтәым ҳәа иаԥшьыргаз аиҭакрақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0