Адиверсиатә гәыԥ ДЖәР аџьаԥҳаныҵәахырҭа ԥыржәеит

© Sputnik / Максим Захаров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация вблизи передовой в Луганской области
Ситуация вблизи передовой в Луганской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа уадаҩхеит, Донецки Лугански ареспубликақәа рхаҭарнакцәа ишырҳәо ала Киев аганахь ала ирылахысуеит.
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Донецктәи жәлар рреспублика аҳәынҭқарратә шәарҭадара аминистрра адырра ҟанаҵеит УАМ рдиверсиатә гәыԥ аракета-артиллериатә џьаԥҳаныҵәахырҭа ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ДЖәР АШәМ асаит адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Донецктәи аобласт Новоазовтәи араион аҿы ахырӷәӷәарҭа ԥыржәеит иахьа ашьыжь, асааҭ 08:10 азы.

"Аӷа ДЖәРеи Урыстәылатәи Афедерациеи рҳәынҭқарратә ҳәаахь анеира иҽазишәон. ДЖәР аибашьцәа аимадаратә мҩа хадақәа ааныркылеит", - ҳәа аҳәоит асаит аҿы.

Асааҭ 10:47 азтәи аҭагылазаашьала ЛЖәР ахаҭарнакцәа адырра ҟарҵоит уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа украина аганахь ала 63-нтә ахымца аанкылара еиларгеит, 25-нтә аиланхарҭақәа ириехсит ззин ыҟам абџьар алагьы.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла хҩык аҭынчуааԥсыра ҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит.
Аҭагылазаашьа аицәахара иахҟьаны ауааԥсыра Донбасс ааныжьны Урыстәыла аҵакырахь ииасуеит. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 21 000-ҩык аҳәаа иахысхьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0