Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Быҭәбеи Џьынџьалԥҳаи Аԥсны ахәыҷтәы гәабзиарахьчара иамоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит

© Foto / Минздрав Абхазии Прошла встреча Министра здравоохранения Эдуарда Бутба и Уполномоченной по правам ребёнка в Республике Абхазия Мактины Джинджолия
Прошла встреча Министра  здравоохранения Эдуарда Бутба и Уполномоченной по правам ребёнка в Республике Абхазия Мактины  Джинджолия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 22 азы Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аԥсны ахада иҿы иҟоу ахәыҷы изинқәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳаи еиԥылеит.
АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аԥсны ахада иҿы иҟоу ахәыҷы изинқәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳаи Аԥсны ахәыҷтәы гәабзиарахьчара иамоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Џьынџьалԥҳа аиԥылараҿы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи аԥсихиатриатә цхыраара рызҭо амаҵзурақәа рыҟамзаара азҵаара шьҭылхит.

"Иахьазы Аԥсны ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи аԥсихиатриатә цхыраара рызҭо амаҵзурақәа ыҟам, аԥсихосоциалтәгьы абрахь иналаҵаны. Аҟазауааи иара амаҵзуреи рыҟамзаара иахҟьаны ахәыҷқәа рыԥсихика зеиԥшроу аилкааразы ауадаҩрақәа ҳамоуп", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Ауадаҩрақәа ыҟоуп аҿиара ҷыда змоу ахәыҷқәа рдиагноз заанаҵы рзықәыргылараангьы ҳәа лҳәеит лара. Абри инадҳәаланы ахәыҷқәа иҷыдоу ашколқәа рахь ралкаара ауадаҩрақәа ацуп, избанзар ахәыҷы ихшыҩ акәадара аҭҵаара ду аҭахуп - ахәыҷтәы ԥсихиатр, аклиникатә ԥсихолог рҟынтә, аԥсихолого- медико-рҵаҩратә комиссиа дахысроуп.
Совещание по поводу строительства детской  республиканской больницы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2022
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Аҟәа ахәыҷтәы хәшәтәырҭа ҿыц аргылараз аплан хада дахәаԥшит
Едуард Быҭәба иҳәеит, атәылаҿ ишазымхо ахәыҷтәы клиникатә ԥсихологцәа, аԥсихиатрцәа, акардиологцәа, ахәыҷтәы ультрабжьытә диагностика аҟазауаа. Иҳәеит иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы ирылшо шыҟарҵо.
Аминистр иҳәеит иахьазы ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аргылара апроект ишырзаламҵо ахәыҷтәы ԥсихикатә гәабзиара аҟәша аргыларазы апроект, ари азҵаара хазы иахәаԥшраны ишыҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0