Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭарба аҵиаақәа рааӡаразы: рыцҳароуп, аха сара сзы бзиарахеит Аԥсны анџьныр дахьаҭахым

Қәҭарба аҵиаақәа рааӡаразы: рыцҳароуп, аха сара сзы бзиарахеит Аԥсны аинџьныр дахьаҭахым
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә усзуҩы, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Ҳаири Қәҭарба хкы рацәала аҵиаақәа иааӡоит. Ари аус дшалагази уи иацу акәамаҵамарақәеи, насгьы аханатә хықәкыс имази ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Иахьазы Ҳаири Қәҭарба ԥшьнызқь инареиҳаны аҵиаақәа еихаҳаны имоуп, изҭаху днеины иааихәарц илшоит. Ҳаири еиҭеиҳәеит ари аус аџьабааи ачҳареи шаҭаху.
"Маркатыл хәыҷык сџьыба иҭоуп. Џьара санцалак, ҵлак сгәаԥхар, махә хәыҷык аахысҵәоит. Убраантә иасыркуеит. Сышҭаҿы еизҳауеит шьҭа 10 шықәса зхыҵуа амагнолиақәа, шьҭа урҭ рҟынтә еихасҳауеит. Сара 16 тәыла рҟны аус сухьеит, сныҟәахьеит, аха Аԥсны аԥсабара абеиара еиԥш адунеи аҿы џьара тәылак аҟны иҟаӡам. Аԥсны иатәу аҵиаақәа рацәоуп, уи адагьы ианаалогьы рацәаӡоуп. Сара хықәкы хадак сыман, аха исзынагӡаӡом. Сышҭаҿы Аԥсны изызҳауа аҵиаақәа зегьы рҟынтә шьаҭак-шьаҭак иадымхаргьы исааӡоит сҳәан, аха адгьыл маҷхеит, џьара ак ахьеиҭасҳауа сзаанымхеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭарба.
Ҳаири иҳәеит аҵиаақәа реихаҳара аус ихәыҷраҟынтә ишаауа.
"Саныхәыҷыз салагеит. Саб бзиа ибон, еихеиҳауан, еиҭеиҳауан ақыҭаҿы дахьыҟаз. Саргьы сицын, исирбеит. Ашәырқәа реихаҳашьа даара ибзианы издыруеит, уи санхәыҷыз исҵаз ауп. Убраантә агәыбылра соуит. Анџьнырс аусура саналага аха сымаӡамызт, аха Аԥсны санаа, аамҭа соуит. Рыцҳароуп, аха сара сзы бзиарахеит. Ара анџьныр аӡәгьы диҭахӡам. Убри азы ари аганахьала аус снапы асыркит ашьшьыҳәа", - ҳәа иҳәеит Қәҭарба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0