Краснодартәи атәылаҿацә ақыҭанхамҩатә туризм азы иреиӷьу ҭыԥны иалыркааит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВесна в Краснодарском крае
Весна в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Анапаҵаҩра
Санкт-Петербург жәабран 24-25 рзы имҩаԥысит Урыстәылазегьтәи атуристтә ԥхьахә Russia Travel Awards афинал.
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аиааира агеит Урыстәылазегьтәи атуристтә ԥхьахә Russia Travel Awards аҟны "Ақыҭанхамҩатә туризм аҵакыра" ала ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә ахадара асаит.

Уи адагьы Ҟәыбан аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит аноминациа "Асанатортәи агәабзиарачаԥарҭатә туризми трҭыԥгы" аҿы, ахԥатәи аҭыԥ - аноминациа "Асасдкылара аҟазауаа рҵакыра" аҿы.

Иара убасгьы арегион аԥхьахә ҷыда аиуит аноминациа "Асанатортәи азҩыдадратә туризми рҵакыра" аҿы.
Аицлабра агеографиа акыр иҭбаан. Афинал аҿы 15 номинациа рҟны ахәшьара арҭон 28 регион ртуристтә лшара Петербург, Иакутиа, Удмуртиа, Мурмансктәи, Ростовтәи уҳәа аобластқәа налаҵаны.
Вид на город Краснодар. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Краснодартәи атәылаҿацә абзазаразы Урыстәыла иреиӷьу хә-регионк рреитинг иаҵанакит
Еиндаҭлоз рсиа аиҿкааҩцәа ражәалагалақәа рыла еиқәыршәан.
Аԥхьахә Russian Travel Awards есышықәса имҩаԥыргоит атәыла аҩныҵҟа атуризм аҿиаразы.
Аиндаҭлара еиҿнакааит Санкт-Петербург атуризм аҿиараз Аилак, Ростуризм ацхыраарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0