Краснодартәи атәылаҿацә абзазаразы Урыстәыла иреиӷьу хә-регионк рреитинг иаҵанакит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на город Краснодар.
Вид на город Краснодар. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Анапаҵаҩра
Амаҵзура РИА Реитинг иазнархиеит 2021 шықәсазтәи аихшьалақәа рыла ауааԥсыра рыбзазара ахьеиӷьу арегионқәа рреитинг.
АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә абзазара ахаҭабзиаразы иреиӷьу Урыстәыла арегионқәа хәба рреитинг иаҵанакит, ахәбатәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аԥыжәара рымоуп Москва, Санкт-Петербург, Москватәи аобласт. Асиа хдыркәшоит Тыва, Ҟарачы-Черкесиа, Евреитәи автономтә област. Ҟәбина уаанӡатәи апозициа еиӷьтәны афбатәи аҭыԥ аҟынтә ахәбатәи ахь ииасит.
Ҟәбина ахада Вениамин Кондратьев иажәақәа рыла, арегион иреиӷьу иахьрыҵаркыз мзызс иамоу асоциалтә обиектқәа, амҩақәа рыргылара, абизнес маҷ адгылара аҭара роуп.

"Есышықәса иҳаргылоит ма аремонт рзыҟаҳҵоит шәкыла асоциалтә обиектқәа, еиӷьаҳтәуеит акоммуналтәии амҩатәии инфраструктура, ақыҭақәагьы налаҵаны. Ари зегьы ҳәарада аԥсҭазаара ахаҭабзиара еиӷьнатәуеит. Аха ԥхьаҟагьы аусурақәа маҷым. Амилаҭтә проектқәа, афедералтә программақәа ҳрылахәхароуп арегион аҿы еиҳа иманшәалоу абзазара аԥҵаразы", - ҳәа иҳәеит иара.

Ареитинг ашьақәыргылараан анализ рзыҟарҵон 67 рбага: ауааԥсыра рлагала, аусурҭамазаара, аџьа аџьармыкьа, анхарҭатә ҭагылазаашьа, ашәарҭадара, адемографиатә, аекологиатә, аҳауатә ҭагылазаашьа, аекономика аҿиашьа, абизнес, атранспорттә инфраструктура уҳәа рыҿиашьа.
Дети катаются на карусели на Красной площади в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Москва аинфраструктура аҿиареи анхарази адунеи аҿы иреиӷьу қалақьны ишьоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0